Аԥсны Ахада Дмитри Сериков инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит

© Sputnik Томас ТхайцукДмитрий Сериков
Дмитрий Сериков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дмитри Сериков 2015 шықәса мшаԥымзазы Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс далхын, 2016 шықәса нанҳәамза 12 рзы Аԥсны Афинансқәа рминистрсгьы дҟаҵан.

АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Афинансқәа рминистр Дмитри Сериков инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит иҟаиҵаз ахатәы ҳәарала ҳәа аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.

2018 шықәса жәабранмза 19 инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра Афинансқәа рминистр инапынҵақәа налыгӡарц лыдҵоуп Афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Ирма Амҷԥҳа.

Сериков Дмитри Николаи-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр диит 1976 шықәса абҵара 29 рзы, Москва ақалақь аҟны.

2000ш. рзы далгеит Москватәи анџьныр-физикатә институт.

2002ш. рзы далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра анапаҵаҟа иҟоу Аҳәынҭқарратә финанстә академиа.

2000-2002шш. – аус иуан Урыстәылазегьтәи анаукаҭҵааратә автоматика аинститут аҟны.

2002-2004шш. – ИАЕ "Сонник Дуо" аҳасабеилыргаҩ-аекономист, аимадаратә ҳа "Мегафон-Москва" аоператор.

2004-2011шш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра аимадаратә ҳа ИАЕ "АКВАФОН-GSM" афинанстә директор.

2011-2015шш. – ИАЕ "АКВАФОН-GSM" аоперациатә усуразы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра аимадартә ҳа аоператор.

2015 шықәса мшаԥымза инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.

2016 шықәса нанҳәамза 12 инаркны Аԥсны Афинансқәа рминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0