Аексперт: ашьапылампыл асразы Ачемпионат Аԥсны анырра анаҭом

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИнсталляции "Russia 2018" у железнодорожного вокзала "Имеретинский курорт" в Олимпийским парке в Сочи.
Инсталляции Russia 2018 у железнодорожного вокзала Имеретинский курорт в Олимпийским парке в Сочи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәсазы Аԥсны аԥсшьаҩцәа агхом иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз, атуроператор "Дельфин"адиректор хада Сергеи Ромашкин.

АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik. 2018 шықәсазы Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл асразы Ачемпионат инадҳәаланы Аԥсны акгьы ацәыӡуам, акгьы аиуам иҳәеит атуроператор "Дельфин" адиректор хада Сергеи Ромашкин.

"Аԥсны ҳамцар ҟалом ҳәа аӡәгьы ддәықәымлозар акәхап. Аҳәаа ахысрагьы шымариам зегьы ирдыруеит. Уи раамҭа ақәырӡрагьы рҭахымхозар акәхап", — иҳәеит Ромашкин.

Иара убри аан 2018 шықәсазгьы, 2017 шықәсазеиԥш Аԥсны аԥсшьаҩцәа агхом иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз, атуроператор "Дельфин"адиректор хада Сергеи Ромашкин.

Имаҷҩым аилаҩеиласра иацәааԥсаз, аҭынчра гәхьаазго ауаа иҳәеит иара.

"Сгәы иаанагоит ҵыԥх еиԥш сынтәагьы аԥсшьаҩцәа маҷхарым ҳәа. Агәрагара сымоуп урҭ рыбжьара ашьапылампыл бзиа избо ҟаларым ҳәа. Ачемпионат Аԥсны аԥара азаанагап ҳәа сыҟам. Аԥсны аҽа ԥыжәарақәак аман иҟоуп. Уи амшын ҟәандеи амра хааи роуп", — иҳәеит иара.

Символика чемпионата мира по футболу 2018 в Калининграде - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампыл азы ачемпионат иақәхарџьуп 480 миллиард мааҭ

Ромашкин иажәақәа рыла ашьапылампыл азы Ачемпионат ахьымҩаԥысуа ақалақьқәа рҿы атуристцәа еиҳа имаҷхашт.

"Аклассикатә туристцәа ҳәа ззырҳәо, амузеиқәа, ацәыргақәҵатә залқәа уҳәа ирҭаауа атуристцәа ачемпионат ахьымҩаԥырго ақалақьқәа рыҽрыцәхьаркуеит, избанзар асеиԥш аспорттә уснагӡатә дуқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рҟны анеи-ааирагьы акыр иԥкхоит, ауаа рацәагьы ҟалоит", — иҳәеит атуроператор "Дельфин" адиректор хада.

Уи адагьы "аклассикатә туристцәа" еиҳарак ирҭаху аҭынчроуп. Уи ус шакәу днарбахьеит еиуеиԥшым аолимпиатә хәмаррақәа, егьырҭ ачемпионатқәа рымҩаԥгара аҭагылазаашьа.

Ачемпионат амҩаԥысраан атуристцәа рхыԥхьаӡара амаҷхара ханарҭәаауеит ашьапылампыл абзиабаҩцәа рырацәара. Иара убри аан актәиқәа 10-15 мшы ҳәа ԥсшьара ақалақь иаҭаауазар, аҩбатәиқәа 2-3 мшы ракәхоит уа рыҟазаара, нас дара ркоманда иашьҭаланы иахьцо ирыццоит. Иара убри аан асеиԥшқәа рзы асасааирҭақәеи аԥсшьарҭақәеи рҟны абарҭ амшқәа рзы аҭыԥқәа разымхара ҟалоит. Уи атуристцәа аднаԥхьалом, иацәхьанакуеит ҳәа далацәажәоит аексперт.

Ажәабжьқәа зегьы
0