Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҭаларазы арзаҳалқәа рыдыркылоит жәабран 25 нӡа

CC0 / / Студенты
Студенты - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакра анапхгаҩы ицхырааҩ Евгени Павлов Sputnik иазеиҭеиҳәеит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы арзаҳалқәа шрыдыркыло атәы.

АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" жәабран 25 нӡа арзаҳалқәа аднакылоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Евгени Павлов.

"Арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара еснагь иҳаракуп. Сынтәагьы ҳазыԥшуп 550-600 рҟынӡа рзаҳал", — иҳәеит иара.

Жәабран 20 рзы "Россотрудничество" иаднакылахьеит 400 инарзынаԥшуа рзаҳал.

"Жәабран 25 рҟынӡа макьаназ аамҭа ыҟоуп. Арзаҳалқәагьы рацәахашт ҳәа ҳгәыӷуеит. Анкетақәа хазырҭәаауа ашықәс 2018-2019 ҳәа анызымҵақәо ыҟоуп. Уажәы ҳара асоциалтә ҳақәа рыла адырра ҟаҳҵоит уи шыриашатәу азы", — иҳәеит Павлов.

Сынтәа ареспублика иаҭоуп 53 ҭыԥ. Иарбан хырхарҭақәоу еиҳа иаҭахны иҟало ареспублика анапхгара ишьақәдырӷәӷәоит.

Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнакра 2018-2019шш. рзы урыстәылатәи аҵаратә усҳәарҭақәа рҭаларазы арзаҳалқәа рыдкылара ишалаго атәы рыланаҳәеит жәабран 14 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0