Аспектакль "Қьалашьбеи" Москва идырбахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля молодежного театра "Келешбей"
Премьера спектакля молодежного театра Келешбей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аспектакль "Қьалашьбеи" Москва идырбахоит хәажәкыра 20 акультуратә центр "Москвич" аҟны.

АҞӘА, хәажәкыра 4 — Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аҳәынҭқарратә аҿартә театр актиорцәа аҭоурыхтә ақәыргыламҭа "Қьалашьбеи" рыманы ааԥхьара рымоуп Москва иҟоу аԥсуа диаспора 60 шықәса ахыҵра иадҳәаланы имҩаԥысуа агәырӷьаратә уснагӡатәқәа рахь, иҳәеит атеатр аиҳабы Аслан Еныкь.

Пресс-конференция молодежного театра - Sputnik Аҧсны
"Қьалашьбеи": аҭоурыхтә драма аԥсуа театр асценаҿы

"Москва иҟоу аԥсуа диаспора ааԥхьара ҳарҭеит, уи ҳара акыр ҳгәалаҟазаара шьҭнахит. Атеатртә сезон злааҳартыз аспектакль "Қьалашьбеи" ҳаманы ҳцоит", — иҳәеит Еныкь.

Аспектакль "Қьалашьбеи" Москва идырбахоит хәажәкыра 20 акультуратә центр "Москвич" аҟны.

"Москваҟа ицоит аспектакль иалаху зегьы актиорцәа, иара убас арежиссиор, адрама автор. Жәаҳәарада, ари узыргәырӷьаша хҭысуп аҿартә театр аҭоурых аҿы. Уажәазы, иаҭаху ашәҟәқәа реиқәыршәара ҳаҿуп адекорациақәеи, акостиумқәеи ргаразы", — азгәаиҭеит иара.

Аҧсуа Ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр актиорцәа рзы Аԥсны анҭыҵ раԥхьаӡатәиу гастрольқәоуп.

Аԥсны аҳәынҭқарра адраматә театр асценаҟны аҿартә театр актиорцәа ахәаԥшцәа иддырббеит Анзор Мықәба иҩымҭа иалху аспектакль "Қьалашьбеи" ажьырныҳәа 18 аҽны. Арежиссиор Аԥсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба.

Ажәабжьқәа зегьы
0