Урыстәылатәи академиаҿ акурсқәа ирхысран иҟоуп Аԥснытәи адипломатцәа

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Министерства иностранных дел России в Москве
Здание Министерства иностранных дел России в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 1 2018 шықәса рзы Москва имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рхаҭарнакцәа рконсультациақәа мҩаԥысит.

АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу Адипломатиатә академиа азыхиоуп 2018 шықәса рзы Аԥснытәи азыӡырыҩцәа рзы акурсқәа рымҩаԥгара. Абри атәы аҳәоит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аофициалтә саит.

"Имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасини Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи реиԥылара. Аиԥылараан ирылацәажәан ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рактуалтә аспектқәа. Урыстәылатәи аган азгәаҭара ҟанаҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иҟоу Адипломатиатә академиа азыхиоуп 2018 шықәса рзы Аԥснытәи азыӡырыҩцәа рзы акурсқәа рымҩаԥгара ҳәа", — аҳәоит асаит аҟны.

Аиԥылараан иара убасгьы ирылацәажәан Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара жәа-шықәса ахыҵра иазырхо ауснагӡатәқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0