Иорданиа Аԥсни иареи реимадара аинтерес амоуп

© Sputnik Сария КварацхелияДелегации Палаты представителей Иорданского Хашимитского Королевства впервые прибыли с рабочим визитом в Абхазию
Делегации Палаты представителей Иорданского Хашимитского Королевства впервые прибыли с рабочим визитом в Абхазию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иордантәи Ахашимиттә Кралра Апалата ахаҭарнакцәа рделегациа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит.

АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Иордантәи Ахашимиттә Кралра Апалата ахаҭарнакцәа рделегациа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит. Иорданиа Аԥсни иареи рыбжьара аимадарақәа рыҟазаара аинтерес ду азамоуп иҳәеит Иордантәи Ахашимиттә Кралра Апалата аделегациа ахаҭарнак Мансур Сжьажь.

"Иорданиа еснагь амилаҭ маҷқәа адгылара рнаҭон. Ҳаар иаҳҭахуп ҳаизыҟазаашьақәа рырҭбаара, реизырҳара. Сгәы иаанагоит ԥхьаҟатәи ҳусеицура аҭыԥ ду ааннакылап ҳәа. Ҳаинырреи ҳусеицуреи реизҳазыӷьаразы Аԥсны аҳаиртә баӷәаза еиҭашьақәыргылатәуп, ԥкырада арахь ҳаауа ҳцо ҳҟаларазы", — иҳәеит иара.

Иорданиатәи аделегатцәа иазгәарҭеит Аԥсны аекономика аганахь алагьы аинтерес шрымоу.

"Сара сдепутатуп, иара убри аан сбизнесуаҩуп. Аинтерес рыдызбалоит аԥснытәи аӡқәа. Ҳаар макьаназ иныҭкаау информациа ҳамаӡам, аха сгәы иаанагоит иорданиатәи абизнесуаа маҷҩымкәа абри азҵаара иазхьаԥшып ҳәа", — азгәеиҭеит адепутат Халед Алабдалла.

Аԥсны Жәлар реизара адепутат Леонид Чамагәуа асасцәа азхьеирԥшит Иорданиа иахьатәи амедицина аҿиара бзиа аманы ишыҟоу, абри аганахь ала аусеицура хра аманы ишибо.

"Иахьа зегьы еицырдыруеит амедицина аганахь ала Иорданиа аԥыжәаратә ҭыԥқәа шааннакыло. Ԥхьаҟа аусеицура мҩаԥаагозар, абри аусхк аҟны ацхыраара ҳаур акыр ҳарманшәалон", — иҳәеит иара.

Еиҳа еизааигәаны аусеицуразы Иорданиатәи аделегат Халед Албаккар ажәалагала ҟаиҵеит адепутатцәа злахәу аиҳабырабжьаратә комиссиа аԥҵазарц.

Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Леонид Чамагәуа иҳәеит Иорданиатәи аделегациа Аԥсны аҭаара ԥхьаҟа узырԥшуа акакәны ишыҟоу.

Иара иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аҭаара ҩаԥхьагьы иалыршахап ҳәа агәаанагара имоуп.

"Аделегатцәа ирҳәеит Аиааира 25-шықәса ахыҵра амшныҳәа рҽаладырхәыр шырҭаху. Даар иара убасгьы ирҳәеит Аԥснытәи аделегациа Иорданиа рнеира хра аманы ишахәаԥшуа", — иҳәеит иара.

Иордантәи Ахашимиттә Кралра Апалата ахаҭарнакцәа рделегациа раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит хәажәкыра 7 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0