Гагра иҟалаз ахҭыс инадҳәаланы ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание генеральной прокуратуры
Здание генеральной прокуратуры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абџьар ахархәара аҭаны ауаҩшьрақәа ҟалеит Гагра, хәажәкыра 17 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik. Гагра араион апрокуратура ашьаусқәа ҩба хацнаркит. Хәажәкыра 17 рзы Гагра дшьын Михаил Барцыц.

Михаил Барцыц, 1960 шықәса рзы ииз, дшьын Гагра, асааҭ 14.30 рзы хәажәкыра 17 аҽны. Барцыц иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Хәажәкыра 17 ахәылбыҽха Гагратәи ацентртә хәышәтәырҭа ареанимациа аҟәшаҿы дшьын Рамин Ҳашыг. Аусҭҵаара адыррақәа рыла иара Михаил Барцыц дихырҟьаны дшьын.

"Михаил Барцыц иуацәа ргәыԥк Рамин Ҳашыг, 1981 шықәса рзы ииз, атапанча "Макаров" ала дыршьит", – ҳәа аанацҳауеит апрокуратура.

Михаил Барцыци Рамин Ҳашыги рышьра инамаданы ашьаусҭҵаара хацыркуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0