Аԥсны алаларатә туризм азы иреиӷьқәоу рахь иаҵанакит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алаларатә туризм – аҳәынҭқарраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инымхо ахаҿқәа атәыла аҩныҵҟа рныҟәарақәа ауп.

АҞӘА, хәажәкыра 20— Sputnik. Аԥсны алаларатә туризм азы еиҳа иманшәалоу атәылақәа жәаба рахь иаҵадыркит ҳәа аанацҳауеит аналитикатә маҵзура ТурСтат.

2017 шықәса аихшьаалақәа рыла топ-10 ашҟа иаҵаркуп Аԥсны адагьы уаанӡатәи Асовет Еидгылеи, Европеи ртәылақәаки. Аԥсны ажәабатәи аҭыԥ ааннакылоит.

ТурСтат адыррақәа рыла 2017 шықәса рзы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иалалаз рхыԥхьаӡара 432 000-ҩык инаӡоит.

Урыстәылаҟа алаларатә туристтә ныҟәарақәа мҩаԥызго атәылақәа рахь иалалеит: Украина (8,7 миллион ныҟәара), Ҟазахстан (3,5 миллион), Китай (1,5 миллион), Финлиандиа (миллионк), Азербаиџьан (876 000), Польша (714 000), Ермантәыла (584 000), Германиа (580 000), Молдова (519 000), Аԥсны (432 000).

Ажәабжьқәа зегьы
0