Арӡынба: Ареспублика Сербскаиа азыхиоуп Аԥсны аус ацура

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция по итогам поездки делегации ТПП в Сербскую Республику
Пресс-конференция по итогам поездки делегации ТПП в Сербскую Республику - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Ареспублика Сербскаиа иаҭаан иҟан хәажәкыра 16 - 17 рзы. Аусутә ҭаара шымҩаԥысыз атәы иалацәажәан Sputnik аҟны имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны Аекономика аминистрреи Ареспублика Сербскаиа Аекономика аминистрреи аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иалацәажәеит. Абри атәы иҳәеит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Ареспублика Сербскаиа ҳаҟазаараан ҳалацәажәеит аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. дара азыхиоуп Аԥсны Аекономика аминистрреи Ареспублика Сербскаиа Аекономика аминистрреи рыбжьара аинырра ашьақәыргылара", — иҳәеит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Адгәыр Арӡынба иазгәеиҭеит дара аинтерес шыркыз аргыларатә традициақәа.

"Иаабаз иҳаҳаз акыр аинтерес ҳкит. Ареспублика Сербскаиа аҿы амҿыаалыҵ аҳәаанырцә ирышьҭыртә аҭагылазаашьақәа амоуп. Ҳара ҳазхамҵара иадҳәаланы усеиԥш алшара ҳамам", — иҳәеит аминистр.

Арӡынба иажәақәа рыла ԥхьаҟазы аицнаплак аԥҵара алшара ыҟоуп. Иара убасгьы иҳәеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулара технологиақәа акыр ишыргәаԥхаз.

"Ақыҭанхамҩа аусхк аҿиара аманы иҟоуп. Зинтерес ҳкыша акраабеит. Ҳалацәажәеит ахәаахәҭратә еимадарақәа раԥҵара азҵаарагьы", — ҳәа далацәажәеит Адгәыр Арӡынба.

Аԥсны акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба иазгәеиҭеит Аԥсни Ареспублика Сербскаиеи рыбжьара атуризм аусхк аганахь ала аусеицурақәа хра рыманы ишыҟало.

Аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Ареспублика Сербскаиа иаҭаан иҟан хәажәкыра 16 — 17 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0