Акциа "Иҭабуп Аиааиразы" Аԥсны ихацыркхеит

© Sputnik Амра АмичбаАкция благодарности ветеранам: "Итабуп Аиааиразы"
Акция благодарности ветеранам: Итабуп Аиааиразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭабуп Аиааиразы" хацыркхеит Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" аԥшьгарала. Иара мҩаԥысуеит бжьымз инарзынаԥшуа, иазкуп Аиааира 25-шықәса ахыҵра.

АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. "Иҭабуп Аиааиразы" ауаажәларреи аҳәынҭқарреи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рпроблемақәа рызхьарԥшроуп хықәкыс иамоу, абри атәы лҳәеит апроект аӡыргараан иара анапхгаҩы Тамила Соломко.

Акциа ахықәкы хада аветеранцәа рзы ацхыраараҟаҵароуп, ацылҵеит лара.

"Ҳара иҳагәҭакуп ауаажәларратә еиҿкаарақәа, анаплакқәа, аколлективқәа апроблема разхьарԥшра. Акциа мҩаԥысуанаҵы иазырхиахоит асоциалтә роликқәа, афлешмобқәа, Имҩаԥгахоит агәыҳалалратә уснагӡатәқәа, аспектакльқәа, аукционқәа, агәыҳалалратә хәылԥхьақәа. Аиааира зегьы еицаҳтәызар, аус бзиагьы зегьы еицаҳтәны иаҳшьап", — лҳәеит Соломко.

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" алахәыла Аида Хонелиаԥҳа илҳәеит "Иҭабуп Аиааиразы" – аԥсадгьыл аиқәырхаҩцәа ҭабуп ҳәа разҳәо акцианы ишыҟоу.

"Кьараз" хылаԥшра знаҭо рыбжьара иҟоуп зылшара ԥку аветерантә ҭаацәарақәа. Аибашьра иалахәыз зегьы аԥсадгьыл аԥсҭазаара ахҭынҵара иазыхиаз роуп. Аибашьра иалҵны, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩ иаиааины аҭаацәарақәа аԥырҵеит, ахшара роуит. Аха ргәабзиара ҵшәаауп, рылшарақәа ԥкуп", — лҳәеит лара.

Лара лажәақәа рыла аибашьра иалахәыз альготақәа ҳәа акгьы рымам.

"Аинвалидцәеи аорденқәеи амедалқәеи занашьо альготақәа рымазар, ус аибашьра алахәылацәа макьаназ аган иаваханы иҟоуп. Сгәы иаанагоит ажәлар ҳадгылап ҳәа", — лҳәоит агәра ганы Аида Хонелиаԥҳа.

Ахааи агәырӷьареи рымш ҳамҭаны ироуит ахәыҷырацәа змоу Аҟәатәи аҭаацәарақәа. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" ахаа амш азгәанаҭеит

Хонелиаԥҳа илҳәеит лара напхгара зылҭо аресторан ес-хаша акциа "Агәыҳалалратә хәылԥхьа" шымҩаԥнагало, чек-цыԥхьаӡа аҟынтәи жәа-процентк апроект "Иҭабуп Аиааиразы" иахыԥхьаӡалахоит ҳәа. Сгәы иаанагоит ари аԥшьгара адгылара аиуп ҳәа егьырҭ аресторанқәа рҟынтәи лҳәеит лара.

Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Камма Гоԥиаԥҳа илҳәеит аиҿкаара аветеранцәа ацхыраара шырнаҭо.

Акциа "Иҭабуп Аиааиразы" аӡыргараан еизаз идырбан аветеранцәеи урҭ рҭаацәеи ирызку афильм кьаҿқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0