Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩа аалыҵ алагалара аамҭала иԥкхоит

© Sputnik Томас ТхайцукАбхазо-российская граница.
Абхазо-российская граница. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аветеринартәи афитосанитартәи хылаԥшразы Афедералтә маҵзура имҩаԥнагеит амониторинг 2018 шықәса хәажәкыра 24-25 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩа аалыҵ алагалара аамҭала иԥкхоит. Абри атәы аҳәоит Россельхознадзор асаит.

"Урыстәылатәи Афедерациаҟны ишәарҭоу акарантинтә обиект аларҵәара аԥкразы Россельхознадзор ихымԥадатәны иашьоит аамҭала Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩа аалыҵ алагалара аанкылара ахәҭоуп ҳәа", — арбоуп асаит аҟны.

Аветеринартәи афитосанитартәи хылаԥшразы Афедералтә маҵзура имҩаԥнагеит амониторинг 2018 шықәса хәажәкыра 24-25 рзы, иагьышьақәнаргылеит Аԥсны иахьаҵанакуа афитосанитартә ҭагылазаашьа акырӡа ишәарҭаны иҟоуп ҳәа. Убри инадҳәаланы 2018 шықәса мшаԥы 2 инаркны Аԥснытәи аалыҵ аҳәаа ахыгара аанкылахоит.

Амармалташь пты Амшынеиқәа аԥшаҳәахьы ицәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа. Аекологцәа ишырҳәо ала иахьатәи аамҭазы иара иаҿагыло методикак алкааны ишьақәыргылам.

Аптқәа цәырҵит иара убасгьы Новоросиискии Шәачеи ақалақьқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0