Жәларбжьаратәи акинофестиваль аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие международного кинофестиваля
Открытие международного кинофестиваля - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль аконкурстә программа иалахәуп 32 зметраж кьаҿу афильмқәа.

АҞӘА, мшаԥы 3 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Актәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аатит Аҟәа, Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы мшаԥы 2 рзы. РУСДРАМ аԥхьа икаршәыз ауарҳал ҟаԥшь иқәсит афестиваль алахәылацәеи асасцәеи. Афестиваль аконкурстә программа иалахәуп 32 зметраж кьаҿу афильмқәа.

Экскурсия для участников кинофестиваля по набережной Сухума - Sputnik Аҧсны
Актәи Аҟәатәи акинофестиваль асасцәа ақалақь иалсны ирбеит

"Москва иалыркааит ҳусумҭа Аҟәатәи акинофестиваль азы. Уи даара агәахәара ҳнаҭеит", — лҳәеит арежиссиор Ирина Волкова.

Аартра ацеремониа аԥсуа цәа аҟәнын. Асцена иқәыҩуан аԥсуа ашәақәа, удыршанхон амилаҭ кәашарақәа.

Еизаз идырбан аԥсуа кино аҭоурых иазку авидеоролик. Арежиссиорцәа Ада Квираиаԥҳаи Виачеслав Аблоҭиеи еиҭарҳәеит асовет аамҭақәа рмиф: Сталини Нестор Лакобеи Аԥсны "асовет Голливуд" акәны аҟаҵара шырҭахыз.

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие международного кинофестиваля
Открытие международного кинофестиваля - Sputnik Аҧсны
Открытие международного кинофестиваля

"Аԥсны акино азы ишоушәоуп ишыҟоу. Амшын, ашьхара, амра, асы — аԥсабара иалшоит иарбанызаалак акино аҭыхра. Акино азы уаҳа назҭахым ҭыԥуп", — иҳәеит Аблоҭиа.

Афестиваль аиҿкааҩ, аҿартә политиказы Аилак аиҳабы Ҭеимураз Кәакәасқьыр иазгәеиҭеит афестиваль алахәразы ишаашьҭыз х-нызқь инареиҳаны арзаҳалқәа. Урҭ рҟынтәи иалхын 32 киносахьа.

Афестиваль алахәылацәа аԥсшәа раҳәо дықәгылеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие международного кинофестиваля
Открытие международного кинофестиваля - Sputnik Аҧсны
Открытие международного кинофестиваля

"Асеиԥш иҟоу ауснагӡатә раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит. Ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи рзы ари ныҳәа дууп. Агәра згоит афестиваль алахәылацәа Аԥсны акраамҭа гәахәарыла иҟәандаӡа ргәаҵаҿы ишынхо", — иҳәеит иара.

Ауаа аекран афон аҿы. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи акинофестиваль ажиури алкаауп

Амҩаԥгаҩцәа Дамеи Чамбеи Наала Қаҩԥҳаи еизаз иддырдырит ажиури алахәылацәа: Аԥсны жәлар рартист, акинорежиссер, асценарист Виачеслав Аблоҭиа, арежиссер, асценарист Владимир Фенченко, арежиссер Сергеи Пускепалис, акинорежиссер, асценарист, акомпозитор Михаил Местецки, апродиусер, актриса Елена Гликман. Ажиури ахантәаҩы – акинорежиссер, асценарист, апродиусер Анна Меликиан.

Афестиваль апрограмма иалахәуп 32 фильм, Европа, Урыстәыла, Марокко, Тунис, Кореиа, Иран, Узбекистан, Венгриа, ИАР атәылақәа рҟынтәи.

Актәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны.

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие международного кинофестиваля
Открытие международного кинофестиваля - Sputnik Аҧсны
Открытие международного кинофестиваля
Ажәабжьқәа зегьы
0