Арратә комендант иҭоурых: Гиви Агрба игәаларшәара

© Фото : из архива семьи АгрбаАԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, аорден "Ахьӡ-аԥша" II аҩаӡара занашьоу Гиви Агрба
Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, аорден Ахьӡ-аԥша II аҩаӡара занашьоу Гиви Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, аорден "Ахьӡ-аԥша" II аҩаӡара занашьоу Гиви Агрба идҳәалоу ахҭысқәа ртәы еиҭеиҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла.

Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа ируаӡәку Гиви Камыгә-иԥа Агрба иахьа иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы 81 шықәса ихыҵуазаарын.

Аибашьра ашьҭахь Гиви Камыгә-иԥа аус иуан Аҟәатәи агарнизон аиҳабыс, нас – Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс (1993 – 1996), 1996–2002 шықәсқәа рзы Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс, 2002–2004 шықәсқәа рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс.

© Фото : из архива семьи АгрбаГерой Абхазии, генерал-лейтенант Гиви Агрба
Герой Абхазии, генерал-лейтенант Гиви Агрба - Sputnik Аҧсны
Герой Абхазии, генерал-лейтенант Гиви Агрба

Аԥсны афырхаҵа, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба иазгәеиҭоит Гиви Агрба еиԥш зеԥшу ауаа шмаҷыз.

"Иарбанызаалак аӡбра Гиви еиԥш иҟаз ауаа рыда илҵшәадан", — ҳәа ишьоит Кьылба.

Муҳамед Кьылба иазгәеиҭоит Гиви иҟазшьа ҷыданы ишыҟаз иарбанызаалак азҵаара аҭҵаара. Аибашьра ашьҭахь Гиви Агрба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан.

© Фото : из архива семьи АгрбаГерой Абхазии, генерал-лейтенант Гиви Агрба
Герой Абхазии, генерал-лейтенант Гиви Агрба - Sputnik Аҧсны
Герой Абхазии, генерал-лейтенант Гиви Агрба

"Аибашьратә аамҭа нҵәеит, аха Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр изы тәамҩахә ыҟамызт. Абџьар зегьы ирыман. Аиашаз закәанк аус ауа иҟамызт. Абри аамҭа аҭышәныртәаларагьы Гиви Камыгә-иԥа инапы ианҵан", ҳәа дцәажәоит Владимир Аршба.

Аԥсны Афырхаҵа. Аинрал-леитенант Гиви Агрба диит мшаԥымза 4 1937 шықәса рзы.

Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны иара Аҟәа ахьчара аиҿкаара хадара азиуан. Дрылахәын Шроматәи, Ииультәи, Сентиабртәи ажәыларақәа. Гиви Агрба аибашьра ашьҭахь аҳҭнықалақь акомендантс дыҟан, дыҟан Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩыс, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрс, Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс.

Аԥсны Афырхаҵа Гиви Агрба ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара. Гиви Агрба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 27 2014 шықәса рзы.

© Foto / из архива семьи АгрбаГерой Абхазии, генерал-лейтенант Гиви Агрба
Герой Абхазии, генерал-лейтенант Гиви Агрба - Sputnik Аҧсны
Герой Абхазии, генерал-лейтенант Гиви Агрба
Ажәабжьқәа зегьы
0