Афильм "Максим Горький. Абхазские очерки" ашәҟәыҩҩы 150-шықәса ихыҵра иазкуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация фильма "Максим Горький. Абхазские очерки"
Презентация фильма Максим Горький. Абхазские очерки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Абаза-ТВ" иҭнахыз афильм "Максим Горький. Абхазские очерки" зыԥсҭазаареи зырҿиареи Аԥсны иадҳәалаз ашәҟәыҩҩы Максим Горьки 150-шықәса ихыҵра иазкуп.

АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Афильм "Максим Горький. Абхазские очерки" аӡыргаар мҩаԥысит мшаԥы 4 рзы, Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы.

Максим Горький на своей даче в Горках - Sputnik Аҧсны
Апролетартә шәҟәыҩҩы Максим Горьки иаԥсуа даҟьа

"Максим Горьки изныкымкәа Аԥсны даахьан. Аԥхьатәи иҟазаараан 1892 шықәса рзы иҩит ажәабжьқәа "Рождение человекеи" "Калинини", — лҳәеит афильм автор Лиана Ебжьноуԥҳа.

Максим Горьки Аԥсны даахьан 1900, 1903 шықәсқәа рзы, аха уи атәы имаҷуп издыруа.

"Аҵыхәтәантәи иҟазаараан, 1929 шықәса рзы аиԥыларақәа маҷымкәа имҩаԥигеит. Дырԥылеит Нестор Лакоба, Константин Ковач", — лҳәеит лара.

Лиана Ебжьноуԥҳа иазгәалҭеит аинформациа аԥшааразы аусурақәа шымҩаԥылгоз Амилаҭтә библиотекаҿы.

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация фильма "Максим Горький. Абхазские очерки"
Презентация фильма Максим Горький. Абхазские очерки - Sputnik Аҧсны
1/5
Презентация фильма "Максим Горький. Абхазские очерки"

2/5

3/5

4/5

5/5

"Архив аус адааулон. Иаҳԥылеит Гәдиса изку аԥсуа жәлар рашәа аниаҳа илаӷырӡқәа ааит ҳәа ахьыргәаладыршәоз атекст", — лҳәеит лара.

Афильм аҭыхраз иҭаҩын Аӡҩыбжьа ақыҭа ауааԥсыра.

"Аӡҩыбжьеи Горькии еидҳәалоуп. Ароуп иара аԥҳәыс дахьеилиргаз. Уи ауп изхиҩҩааз ажәабжь "Ауаҩы иира", — ҳәа еиҭалҳәоит Ебжьноуԥҳа. Аԥҳәыс амлакра иацәыбналан Кавказҟа иааз дреиуан. Аус луан аихамҩа Новороссиск-Баҭым аргылараҿы. Горькигьы аусуцәа дрылахәын. Дара шьапыла амҩа иқәын аԥҳәыс ианлыгхаз. Деилимыргар ада ԥсыхәа ыҟамкәа иҟалеит.

Автор лажәақәа рыла афильм аус адырулон мызкы иназынаԥшуа. Аҭыхрақәа мчыбжьык аҟара иаҿын.

"Иҭааҩит Горьки уахык дсасны дызҭаз Исмаил Быҭәба имоҭацәа раб иҟынтәи уи иазкны ираҳахьаз ажәабжьқәа, иҭааҩит Аҟәатәи амаамынқәа рпитомник амузеи аиҳабы Альдона Салаҟаииаԥҳа линтервиу. Лара ишылҳәо ала 1929 шықәса рзы Горьки Аҟәа иҟазаараан апитомник даҭааит. Уи ахҭыс иазкны афотосахьа еиқәханы иҟоуп. Иара убасгьы афильм аҟны иалацәажәоуп Горьки зыҟны даангылоз Делаа рҭаацәара аҭоурых. Урҭ рашҭаҿы иахьанӡагьы иҟоуп ашәҟәыҩҩы зыжра далахәыз аҵеиџь", — ҳәа еиҭалҳәоит автор.

Афильм раԥхьатәи ахәаԥшцәа дреиуоуп ашәҟәыҩҩы иԥа имоҭа Екатерина Пешкова.

Агәыҳалалратә фонд "Хочу верить" ахантәаҩы Иулиа Павлюченкова иазгәалҭеит Аӡҩыбжьа ақыҭан, Делаа рыҩнаҭаҿы ишаартхо ашәҟәыҩҩы иҩны-музеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0