Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит амармалташьтә пты аҿагылара дырӷәӷәарц

© Фото : presidentofabkhaziaПрезидент Республики Абхазия Рауль Хаджимба провел совещание по вопросам борьбы с распространением мраморного клопа
Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба провел совещание по вопросам борьбы с распространением мраморного клопа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит ахәаша, мшаԥы 6 рзы амармалташьтә пты алаҵәара азҵаара иазкны. Абри атәы аалыцҳаит Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡԥҳа.

АҞӘА, мшаԥы 6— Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит ахәаша, мшаԥы 6 рзы амармалташьтә пты алаҵәара азҵаара иазкны. Ахада аилацәажәара алахәылацәа рнапы ианиҵеит аусура дырӷәӷәарц. Абри атәы аалыцҳаит Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡԥҳа.

"Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит ахәаша, мшаԥы 6 рзы амармалташьтә пты алаҵәара азҵаара иазкны. Ахада аилацәажәара алахәылацәа рнапы ианиҵеит аусура дырӷәӷәарц, ашҳам маҭәашьарқәа рхархәаразы аинформациа еиҳа инарҭбааны ирыладырҵәарц, есымчыбжьа русура аганахь ала аҳасабырбақәа ҟарҵаларц", — лҳәеит Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Наала Аҩӡԥҳа.

Амармалташьтә пты Амшынеиқәа аԥшаҳәахьы ицәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа. Аекологцәа ишырҳәо ала иахьатәи аамҭазы иара иаҿагыло методикак алкааны ишьақәыргылам.

Аптқәа цәырҵит иара убасгьы Новоросиискии Шәачеи ақалақьқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0