Аԥснытәи аалыҵ аҳәаа ахыгара ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор клубники в Абхазии
Сбор клубники в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аалыҵ аҳәаа ахыгара азин ҟаҵоуп, иара убри аан Урыстәыла ақыҭанхамҩа ахылаԥшра аекспертцәа иара амармалташьтә пты алоу иаламу азы игәарҭалоит.

АҞӘА, мшаԥы 10– Sputnik. Мшаԥы 10 инаркны азин ыҟоуп Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩа аалыҵ аиагара ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла ақыҭанхамҩа ахылаԥшра аусбарҭа ахаҭарнак Иулиа Мелано.

"Урыстәыла ақыҭанхамҩа ахылаԥшра аусбарҭеи Аԥсны акарантинтә маҵзуреи еицымҩаԥыргаз аусура ҭбаа иалҵшәаны мшаԥы 10 инаркны азин ыҟоуп Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ақыҭанхамҩа аалыҵ аиагара" ҳәа лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла ақыҭанхамҩа ахылаԥшра аусбарҭа ахаҭарнак Иулиа Мелано.

Амармалташьтә пты анырҵәаразы иҟаҵатәу - Sputnik Аҧсны
Амармалташьтә пты закәу, уи иаҿагыланы ақәԥареи

Иара убри аан Урыстәыла ақыҭанхамҩа ахылаԥшра аекспертцәа иара амармалташь пты алоу иаламу азы игәарҭалоит.

Уаанӡа, 2018 шықәса хәажәкыра 24-25 рзы, аветеринартәи афитосанитартәи хылаԥшразы Урыстәыла Афедералтә маҵзура имҩаԥнагеит амониторинг иагьышьақәнаргылеит Аԥсны иахьаҵанакуа афитосанитартә ҭагылазаашьа акырӡа ишәарҭаны иҟоуп ҳәа. Убри инадҳәаланы 2018 шықәса мшаԥы 2 инаркны Аԥснытәи аалыҵ аҳәаа ахыгара аанкылан.

Амармалташь пты Амшынеиқәа аԥшаҳәахьы ицәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа. Аекологцәа ишырҳәо ала иахьатәи аамҭазы иара иаҿагыло методикак алкааны ишьақәыргылам.

Аптқәа цәырҵит иара убасгьы Новоросиискии Шәачеи ақалақьқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0