Кьыршьал Чачхалиа ииубилеи аҽазыҟаҵара иаҿуп

© Sputnik Амра АмичбаСовещание организационного комитета по празднованию 100-летия со дня рождения Киршала Чачхалиа под руководством советник президента Владимира Зантария
Совещание организационного комитета по празднованию 100-летия со дня рождения Киршала Чачхалиа под руководством советник президента Владимира Зантария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша, мшаԥы 10 рзы атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа ихантәаҩрала имҩаԥысит Кьыршьал Чачхалиа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа реиҿкааразы аилацәажәаратә еилакы аилатәара.

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Атәыла ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа ихантәаҩрала имҩаԥысит Кьыршьал Чачхалиа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа реиҿкааразы аилацәажәаратә еилакы аилатәара. Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҩаӡарала ақалақьқәеи араионқәеи рҟны ишазгәаҭахо Кьыршьал Чачхалиа ииубилеи.

Апоет иҭаацәа рҟынтәи аилацәажәара далахәын иҭаца Мариа Гыцԥҳа.

Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аплан шышьақәгылоу атәы.

Ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Никәала Кәыҵниа: ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа дрықәнаго дыҟазароуп

"Лаҵарамза 29, асааҭ 15.00 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥгахоит агәалашәаратә хәылԥазы", — иҳәеит Занҭариа.

Лаҵарамза 29, асааҭ 11 рзы апоет дахьынхоз аҩнаҿы амемориалтә ӷәы кыдҵахоит.

Абарелиеф аздырхиеит апоет иҭаацәа. Ақалақь Ахадара иара ықәдыргылоит, рхарџьала аҩны ахаҭагьы адәахьтәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит.

Занҭариа иажәақәа рыла аҵарауаҩ Уасил Аҩӡба аҭыжьра иазирхиеит Кьыршьал Чачхалиа иҩымҭақәа реизга, ҩ-томкны.

"Уажәы аԥхьажәа даҿуп. Лаҵарамза 29 рҟынӡа иҭымҵыргьы аамҭақәак рышьҭахь аӡыргара мҩаԥгахар алшоит", — иҳәеит Занҭариа.

Аилатәара аҟнытә Владимир Занҭариа ибжьы шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Очамчыра араион ахада Хьрыԥс Џьапуа иҳәеит, апоет иқыҭауаа, ԥақәашьаа аҳәара ҟарҵоит ииубилеи Очамчыра араион акультура Ахан аҟны имҩаԥгазарц ҳәа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит апоет иҩнахьы уназго амҩа аҟаҵара ишаҿу.

Юбилейный вечер, посвященный 85-летию Анатолия Возба - Sputnik Аҧсны
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист Анатоли Возба игәалашәара иазкыз аиԥылара мҩаԥысит

Тҟәарчал араион ахаҭарнакцәа ирҳәеит апоет иԥсҭазаара абжеиҳара ахьихигаз Тҟәарчал акультура Ахан аҿы аиубилеитә уснагӡатәқәа мҩаԥгазарц.

Ашәҟәыҩҩ Алықьса Гогәуа иҳәеит иахьатәи аамҭазы Кьыршьал исатира аҟамзаара акыр ишаҳныԥшуа.

Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иҳәеит ашколқәа рҟны апоет ииубилеи иазкны еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа шеиҿкаахо атәы.

Кьыршьал Чачхалиа диит лаҵарамза 25 1918 шықәса рзы Ԥақәашь ақыҭан.

Раԥхьатәи иҩымҭақәа кьыԥхьын 1936 шықәса рзы.

Иԥсҭазаара далҵит 1970 шықәса ԥхынгәы 4 рзы, 52 шықәса дшырҭагылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0