Аҧсны Адунеизегьтәи аконгресс-цәыргақәҵа ахы аланархәит

© Фото : предоставлено Тимуром ЛагвилаваАбхазская делегация во главе с министром Тамазом Цахнакия приняла участие во всемирном конгрессе-выставке "Hestourex" в сфере медицинского, спортивного и альтернативного туризма
Абхазская делегация во главе с министром Тамазом Цахнакия приняла участие во всемирном конгрессе-выставке Hestourex в сфере медицинского, спортивного и альтернативного туризма - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа делегациа Адунеизегьтәи аконгресс-цәыргақәҵа "Hestourex" амҩаԥысраан еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтәи аделегациақәа рхаҭарнакцәа ирҧылеит, Аҧсны амедицинатә туризм аусхк аҿы иамоу алшарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа, мшаҧы 12 – Sputnik. Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Цахнакиа напхгара зиҭоз аделегациа амедицинатә, аспорттә, альтернативттә туризм аусхкы иадҳәалоу Адунеизегьтәи аконгресс-цәыргақәҵа "Hestourex" ахы аланархәит. Аконгресс мҩаԥысуан мшаԥы 5-8 рзы.

"Ҳара ирзеиҭаҳҳәеит Аԥсны аԥсабаратә беиарақәа ртәы. Ҳалацәажәеит ҳмедицина аҭагылазаашьа", — иҳәеит радио Sputnik аҿы ашьадатә хирургиа аҟәша аиҳабы Ҭимур Лагәлаа.

Аусмҩаҧгатә ҭырқәтәылатәи ақалақь Анталиа аҿы имҩаҧысит. Афорум 165 тәыла аҟынтәи ҩ-нызықьҩык инарзынаҧшуа асасцәа аднаҧхьалеит.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧсуа ган еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтәи аделегациақәа рхаҭарнакцәа ирҧылеит, Аҧсны амедицинатә туризм аусхкы аҿы иамоу алшарақәа ирылацәажәеит.

"Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа Анталиа ақалақь ахада диԥылеит. Аиԥылара ҳаман Мармартәи ауниверситет аклиникеи Сҭамбултәи аонкоцентри, амедицинатә центр MedicalPark аҳақьымцәеи ҳареи" ҳәа еиҭеиҳәоит Лагәлаа.

Ҭимур Лагәлаа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Аԥсуа ган иааиуа ашықәс азгьы ацәыргақәҵа "Hestourex" алахәылацәас аҟалара ргәы иҭоуп, ҳреспублика аӡыргаразы апавилион аартра азҧхьагәаҭоуп.

© Фото : предоставлено Тимуром ЛагвилаваАбхазская делегация во главе с министром Тамазом Цахнакия приняла участие во всемирном конгрессе-выставке "Hestourex" в сфере медицинского, спортивного и альтернативного туризма
Абхазская делегация во главе с министром Тамазом Цахнакия приняла участие во всемирном конгрессе-выставке Hestourex в сфере медицинского, спортивного и альтернативного туризма - Sputnik Аҧсны
Абхазская делегация во главе с министром Тамазом Цахнакия приняла участие во всемирном конгрессе-выставке "Hestourex" в сфере медицинского, спортивного и альтернативного туризма

Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҭаараан аҧснытәи аделегациа мҩаҧыргон Ҭырқәтәыла иқәынхо аҧсуа диаспора. Урҭ рыцхыраара иабзоураны ауп Сҭампыл иҟоу амедицинатә центр дуқәа хҧа – Мармартәи ауниверситет аклиника, Сҭампылтәи аонкологиатә центри, ацентр Medical Park (аклиникақәа реилазаара ду ахәҭак) аҿы аиҧыларақәа реиҿкаара шалыршахаз. Имҩаҧгаз аиҧыларақәа раан, аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа бжьаҵан, ахәҭакахьала, ҳтәылаҿы аус зуа аҧсуа ҳақьымцәа рзы амастер-классқәеи асеминарқәеи, арҵаратә циклқәеи рымҩаҧгара азы еилацәажәан. Уажәы аҩганктәи аиқәшаҳаҭра апроект аусадулара мҩаҧысуеит иҳәеит Лагәлаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0