Москватәи ашедеврқәа рхыԥша

© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Портрет Дориана Грея" Театра на Юго-Западе в РУРСДРАМе
Спектакль Портрет Дориана Грея Театра на Юго-Западе в РУРСДРАМе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ еиҿнакаауа апроектқәа ԥсеивгарак иаҳзаҩызоуп, уи ҳкультуратә ҳәаақәа арҭбаауеит ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Абар сынтәа ҩынтәуп Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи "Москватәи асцена ашедеврқәа" захьӡу атеатртә проект. Раԥхьаӡа ари ахырхарҭала 2016 шықәса рзы рҟазара ҳдырбеит "Театр на Малой Бронной" артистцәа. Уажәы "Москватәи асцена ашедеврқәа" рҳәаала рыспектакльқәа ҳадыргалеит "Театр на Юго-Западе" артистцәа.

Абри зегь мҩаԥысуеит РУСДРАМ ахыбраҿы. Ари атеатр аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаԥнаго аныҳәақәа рыбзоурала, ҳара ҳахәаԥшыҩцәа ироуит алшара, аҭыԥантәи асектакльқәа рыхәаԥшреиԥш, Аԥсны анҭыҵтәи аҟазара агьама абара.

Еицәаҳамӡозар, ҳара иаҳцәыуадаҩуп, ҳтәыла анҭыҵтәи аҟазара ацклаԥшра, ҳсоциалтә ԥсҭазаара алшара ҳнаҭом акультура ашьҭкааразы атәыла анҭыҵ анеиааира. Абарҭқәа ҳрыԥшны иаҳҳәозар, Аҟәа агәаҿы игыло РУСДРАМ ахада Иракли Хынҭәба еиҿикаауа апроектқәа ҳара ҳзы ԥсеивгароуп, ҳкультуратә ҳәаақәа рырҭбааразы.

Лестница - Sputnik Аҧсны
Ухыза заҟароу дырны, ушьапы еиҵых

Абар, сынтәы атеатр абзиабаҩцәа ироуит алшара, Москватәи ашедеврқәа ирхыԥхьаӡало даҽа ҟазарак блала абара. Абас анҭыҵынтәи акультуратә хәышҭаарақәа анаҳзаауа, иахьынӡасылшо сҽагсырхом, схы сахлафаауа исҳәалоит, сара уахь сызцом, дара ара ианаа избароуп ҳәа. Аиашазы, хымш РУСДРАМ ахәаԥшцәа рыла кәапеишәа иҭәын, хымш хәылбыҽхала игон анапеинҟьабжьқәа. Ҳара ҳахәаԥшцәа рыбзырӡы ҳҳәозар, иазгәаҭатәуп атеатр акыр ишырныруа, акыргьы иазыҟаҵаны ишыҟоу.

Насыԥ дууп, ахәаԥшцәа рыбжьара аҿар ахьаҳбо. Абарҭқәа азгәаҭаны иаҳҳәар ауеит, акультуратә ԥсҭазаара злаҽны иҟоу маҷҩым ҳәа ҳара ҳҿы. Сынтәа иаҳзааз "Театр на Юго-Западе" иҳаднагалеит аспектакльқәа хԥа: "Дракула", "Портрет Дориана Грея", "Макбет". Олег Леушин сахьаркыратә напхгаҩыс дызмо атеатр хымш рыҩныҵҟа аԥсуа хәаԥшҩы инаҭеит зеиҭаҳәара уадаҩу афырҭын ҟазшьа змоу аҟазара. "Театр на Юго-Западе" иамоуп зыхьӡара уадаҩу афырҭын еиԥш еикәагьежьуа аритм.

Аспектакльқәа рыхԥагьы ирыхәаԥшыз игәеимҭарц залшом, хырхарҭалеи ҟазшьалеи ишеишьашәалоу, уимоу ақәыргыламҭақәа рмотивқәа акыр ҳаԥсҭазаара иазааигәоу амчра азгәышьра, абзиабара ахыԥсаара, агьангьашра уҳәа рыла ихырҷоуп.

Народная артистка Абхазии Этери Когония - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа театр аҳкәажәцәа иреиуаз

Изеиԥшроузеи иаҳҭааз атеатр аҟазара ҳәа азҵаатәы аҭак ҟаҳҵозар, иҳәатәуп уи ишамоу ансамбльтә ҟазшьа, аспектакльқәа лашаралеи, хореографиалеи реибыҭашьа убла хнакуеит. Ус акәзаргьы, аҟазара зырҿио актиорцәа роуп араҟа, дара роуп имҩаԥысуа ахҭысқәа рыԥсы рхазҵо.

Аспектакльқәа ртемпи рритми ӷәӷәоуп, ҩ-сааҭки бжаки рыбжьара асценаҿы игьежьуа аҟазаратә дырды аҽақәыршәара имариам усуп, атеатр актиорцәа убри рҽахьыгӡаны рфырхацәа рдунеи ҳадгалара иахьӡоит. Ганкахьала, ари атеатр аиҿкаашьа ҳахәаԥшыр, азнаказ ихадоу арольқәа ыҟамкәа, коллективтә рҿиарала еибыҭоуп ҳҳәар ауеит, аха уажәы-уажә зҽеиҭнызыԥсахло амизансценақәа ирылсуа афырхацәа ирылаҳбаауеит арежиссиор иихәыцыз ацәаҳәа иалганы, жәытә-натә аахысыижьҭеи ҳаԥсҭазаара иалоу еиуеиԥшым ахаҿқәа рсахьа аҭыхшьа актиорцәа шақәшәо.

Сызхәаԥшыз аспектакльқәа рҟынтәи, аромантикатә цәаҩа макьана иззынханы иҟоу ахәаԥшҩы лаҳасабала иалыскаарц сҭахуп Олег Леушин иқәиргылаз "Портрет Дориана Грея". Ииашам ашьаҿақәа агьангьашрахь ауаҩы дкылргар шалшо иазкуп ҳҳәар ауеит аспектакль, араҟа ахәаԥшҩы датәнатәуеит Греи имҩаԥиго аԥсҭазааратә експериментқәа шаҟаҩ ахәыр алшо, абзиабара иара иахь иатәнатәны имоу аԥҳәызба лыхәмарра ҳазааҭгылозар, акыр романтикатә цәаҩала еибыҭоуп.

7 новелл - Sputnik Аҧсны
Шьаҿак ԥхьаҟа

Михаил Гришьенко и-Греи ила иааирԥшуеит агьангьашра иамазар шауа ахаҿра ԥшӡа, уи уатәнатәыр шауа. Актиор инеигӡо аԥсҭазаара ҳара иҳахҭысуа асахьақәа ирзааигәоуп, џьара даҳбахьоушәа, даҳдыруашәа дҳадаҳкылоит. Уи имуза лакәзар, аԥшӡареи, абзиабареи ирсимволу хаҿуп. Иалыскаарц сҭахуп, аспектакльқәа зегь рҿы ахореографиа ихадоу ароль шазалху, асценаҟынтә иуаҳауа атекст мацарала ишьақәгылам ари атеатр аҟазара, араҟа, ацәаныррақәа ажәада, хореографиатә бызшәала иаԥҵоуп, уи иабзоураны аспектакльқәа иҳарҭоит зеиӷьыҟам аенергиа.

"Театр на Юго-Западе" Аԥсны аҟазаара злахнаркәшаз "Макбет" акәзар, зегь реиҳа иаҳзааигәо темоуп. Шекспир ишедевр амотив, аԥсуа политикатә цәаҩа ахыԥша иацәыхарам. Амчра агәазыҳәара, уи азы ауаа рышьаҟьара уҳәа, иаҳҭааз атеатр иҳаднагалеит инаунагӡатәиу амотивқәа.

Акультура ауаҩытәҩыса дҳаразкуа хырхарҭоуп, ҷыдала атеатр акәзар, аԥсҭазаара иахаҿроуп, убри аҟынтә, атеатр аҭаара еснагь инасыԥум, узну адунеи ду асаркьа ианубаалошәа уаԥхьа ианиасуа узызхәыцуа рацәоуп, ухаҭа ухы аганахь ала ахәаԥшразгьы уаҳа нызҭахым ауп.

Ԥсабарала, сара ахәаԥшҩы лаҳасабала исзааигәоуп афырхаҵаратә романтикатә театр, уи ала ҳааӡан асовет аамҭазтәи аҿар, ус акәзаргьы, иаҳҭааз атеатр иҳаднагалаз абзаурала, еилыскаауеит ари адунеи аҿы ишыҟоу адаҽа цәаҩаки гьамаки змоу атеатрқәа хырхарҭақәа.

Автори аредакциеи ргәаанагара еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0