Ҳаџьымба апрокуратура аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Хаджимба
Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны апрокуратура аусзуҩ Имш азгәарҭоит мшаԥы 15 рзы. 1994 шықәса абри амш азы еиҿкаан Аԥсны апрокуратура Хада.

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Апрокуратура ареспублика амилаҭтә шәарҭадара асистемаҿы иналукааша аҭыԥ ааннакылоит ҳәа азгәаҭоуп Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ареспублика апрокурор хада Зураб Ачба изынеишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.

Иара иажәақәа рыла абри азанааҭ алызхыз ауаҩы иламыс цқьазароуп, идыррақәа ҳаракызароуп, аҭакԥхықәра аҵагылара илшозароуп.

"Шәара шәлагала дууп ацәгьоуреи акоррупциеи ирҿагыланы ақәԥараҿы. Азинхьчаратә органқәеи шәареи шьаҿеиқәшәала иеицымҩаԥыжәго аусуроуп дарбанызаалак атәылауаҩи аҳәынҭқарреи рыхьчара еиҿызкаауа" ҳәа азгәеиҭоит атәыла Ахада.

Ҳаџьымба ҭабуп ҳәа реиҳәеит апрокуратура аорганқәа рҟны аус зуа аветеранцәа.

Аԥсны апрокуратура аусзуҩ Имш азгәарҭоит мшаԥы 15 рзы. 1994 шықәса абри амш азы еиҿкаан Аԥсны апрокуратура Хада.

Ажәабжьқәа зегьы
0