Ашьапылампыл азы ачемпионат ахь абилеҭқәа рыҭира ахԥатәи аетап хацыркхеит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтадион "Фишт" в Сочи
Стадион Фишт в Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, мшаԥы 18 асааҭ 12:00 рзы Урыстәыла ақалақьқәа 11 рҟны имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ахь абилеҭқәа рыҭира ахԥатәи аетап.

АҞӘА, мшаԥы 18— Sputnik. Акатегориақәа зегьы ирыҵаркуа абилеҭқәа рыҭира иалагоит мшаԥы 18 асааҭ 12:00 инаркны ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт, ФИФА абилеҭтә департамент аиҳабы Фальк Еллер иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Абилеҭқәа шырҭиуа ҳгәаԥхоит. Урҭ рыҭира аҵыхәтәантәи, ахԥатәи аетап иалагоит. ФИФА асаит ала ирыладырҵәахьеит миллионки 770 нызқь билеҭ. Зынӡа иааидкыланы ирҭихьеит 2,2 миллион билеҭ", — иҳәеит Еллер ажурналистцәа данрыҿцәажәоз.

Иара иажәақәа рыла Адунеи ачемпионат ахьымҩаԥысуа ақалақьқәа зегьы рҟны иаартхоит абилеҭтә центрқәа.

Абилеҭқәа раахәара алшоит ашәаратә карта Visa ала. Аилахәыра Visa —FIFA официалтә партнерны иҟоуп. Еиҳа инарҭбаау аинформациа аԥшаара алшоит FIFA иазку иҷыдоу апроект аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0