Аҳәынҭавтоинспекциа хәажәкырамзатәи "аҩыжәратә статистика" ӡырнагеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаПоследствия ветра на улице Адыгейская
Последствия ветра на улице Адыгейская - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аофициалтә дыррақәа рыла 2018 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аҟны иҭарҩит аҩы ыжәны амашьына аԥсҟа зкыз 198-ҩык ауааԥсыра.

Sputnik

Хәажәкырамза жәабранмза иаҿурԥшуазар, 36-ҩык рыла еиҳа еиҳаны ашәҟәы иҭаҩуп. Асеиԥш амҩатә ныҟәара бзиа избо шықәсыла 22 инаркны 78 рҟынӡа инаӡоит. 50 шықәса зхыҵуа рыбжьара 42-ҩык аанкылан. Абри астатистикаҿы аҩбатәи аҭыԥ роуит 30-35 шықәса зхыҵуаз. Урҭ 36-ҩык ыҟан. Ахԥатәи аҭыԥ иаҵанакит 35-40 шықәса зхыҵуаз. Урҭ рхыԥхьаӡара 34-ҩык инаӡеит.

Работник ГАИ регулирует движение на перекрестке со сломанным светофором - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа амҩатә ԥҟаррақәа еилазго рхьырхәра дырӷәӷәоит

Иара убасгьы ҩыџьа аҳәса амашьына аԥсҟы ааныркылеит арыжәтә ыжәны.

Уаанӡагьы уажәгьы актәи аҭыԥ амоуп Аҟәа ақалақь. Араҟа иаанкылаз рхыԥхьаӡара 75-ҩык инаӡеит.

Иара убри аан Аҟәа араион уаҿыԥшыртә иҟоуп. Жәабранмзазы еиԥш хәажәкырамзазгьы араҟа арыжәтә ыжәны аӡәгьы даанкыламызт.

Аматериал азырхиараан ахархәара рыҭан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит адыррақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0