Google Facebook рганахь ала аманипулиациақәа: аԥсуа експертцәа ргәаанагара

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтарт продаж iPhone 7 и iPhone 7 Plus
Старт продаж iPhone 7 и iPhone 7 Plus - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә усзуҩ Рисмаг Аџьынџьали ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи ахҳәаа арҭеит Google-и Facebook-и рганахь ала аманипулиациақәа рыҟазаареи рыҟамзаареи ирызкны европатәи аудиториа ргәаанагарақәа рыҭҵааразы афранцыз еилахәыра IFop азҵаарамҩаԥгара.

АҞӘА, мшаԥы 19 — Sputnik. Ус акә егьыс акә аинформациатә ресурсқәа ихьыԥшыҵәҟьаны рыҟамлара уадаҩуп, избанзар дара хәаахәҭцәоуп ҳәа ишьоит ауаажәларратә усзуҩ Рисмаг Аџьынџьал, апроект Sputnik аҳәаақәа ирҭагӡаз азҵаарамҩаԥгара ахҳәаа азуа.

Азҵаарамҩаԥгара аихшьаалақәа рыла Германиа (68%), ЕАШ (США) (60%), Италиа (60%) руааԥсыра реиҳараҩык, иара убасгьы Франциа (57%), Британиа ду (54%) руааԥсыра рыбжаҩык иазырыԥхьаӡоит Google, Facebook реиԥш иҟоу егьырҭ аинтернет ҭыжьырҭа дуқәа аполитикатә хықәкы рыманы аинформациа аманипулиациа азыруеит ҳәа. Азҵаарамҩаԥгара мҩаԥган апроект Sputnik.Агәаанагарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иара мҩаԥнагеит франциатәи аилахәыра Ifop, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik рзы.

"Google-и Facebook-и реиԥш иҟоу акорпорациа дуқәа адыррақәа рбаза ҭбаа рымоуп, ирацәаҩуп рнапаҵаҩцәа, уи ирнаҭоит алшара аналитика амҩаԥгареи даар рзы ихәарҭаны иҟоу џьара акы аларҵәареи. Ааигәа Америка ахада иалхрақәа иҟаз иаҳдырбеит иахьа Америка ахадас иҟоу Дональд Трамп иштаб аҟны асоциалтә ҳа Facebook алшарақәа хшыҩзышьҭра рыҭаны рхы ишадырхәаз. Иара убри аан сара Facebook ауаажәларра зегьы рзы инасыԥдароу акоуп ҳәа сзазҳәом", — иҳәеит Рисмаг Аџьынџьал.

Городская жизнь - Sputnik Аҧсны
Европа иқәынхо ЕАШ асанкциақәа ирықәшаҳаҭым

Адунеи аҟны аинтернет ацәырҵра асакьаҳәымҭазы, 90-тәи ашықәсқәа раан Аԥсны ицәырҵит асаит "Абхазети" иҳәеит иара.

"Асаит аҟынтәи Аԥсны иаҿагылоз ажәабжьқәа рыладырҵәон. Аԥшаага аҟны ажәа "Абхазия" ушаашьҭалалак ицәырҵуан абри асаит. Иара ҳара иҳаӷоу атәылаҿ ауп иахьыҟаз, убри инамаданы иарбанызаалак ныррак ҳәа ҳзаҭомызт. Аха аԥсҭазаара ҭыԥк аҿы игылам. Ҳаргьы иҳауа ҳалагеит Аԥсны иазку ҳхатәы информациа ауаа дырдырра. Уажәы, Googl аиԥш иҟоу аԥшаагақәа рҟны ажәа "Абхазия" уашьҭалар, асаит "Абхазети" аҵыхәахь џьара ицәырҵуеит", — иҳәоит иара.

Аџьынџьал игәаанагара шәазыз ырҩыр шәылшоит абра>>

Рисмаг Аџьынџьал ибзиан еиликаауеит Googl аиԥш иҟоу акорпорациа аинформациа ахатәы хықәкқәа рзы ахы ишанархәо.

"Ҳәарада, Googl-и Facebook-и ирымоуп афункциа ҷыдақәа. Иаҳҳәап: машьынак ииасит, уи асахьа ҭыхны, амодель зеиԥшроу аилкааразы аинтернет иҭасҵеит. Google, нас Facebook рҟны ари амашьына иазку аинформациа сыдыргало иалагоит. Уи бааԥсуп ҳәа сзазҳәом. Дара рзы ари ӡыргароуп", — иҳәоит иара.

Ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа илҳәоит асоциалтә ҳақәа рҟны ирыҩуа ауаажәларра анырра рнаҭоит ҳәа.

График - Sputnik Аҧсны
Ашәарҭадара ахә: иазыхиоума Европа инхо НАТО аԥара азшәара

"Газеҭума журналума, ҳзыԥхьозаалак ҳгәаанагара анырра арҭоит. Иара убри аан сара Аԥсны изыҩуа џьара акы Америка алхрақәа анырра рырҭоит ҳәа сызҳәом. Иара убри аангьы сара стәылаз анырра бааԥс зуа иарбанызаалак акы Facebook аҿы аҩра ахәҭаны избом. Избанзар сара ибзианы еилыскаауеит уи Аԥсны анҭыҵгьы иаԥхьар шауа. Сара џьара саԥхьон, Марк Цукерберг Facebook аҟы аполитика иазку аԥкыра аиҭар шиҭахыз, аха журналистк иҳасаб ала исҭахуп аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа иахьабалак", — ҳәа лҳәоит ажурналист.

Коӷониаԥҳа лгәаанагара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Googl-и Facebook-и егьырҭ акорпорациа дуқәеи ринформациа обиективуп ҳәа изшьо афранцызцәеи анемеццәеи 11% заҵәык роуп иҟоу, 13% –британиаа, 15% –италиаа, 16% –америкаа.

Азҵаара аҭак аҟаҵара рцәыуадаҩхеит Германиа 21%, Америка 24%, Италиа 25%, Франциа 32%, Британиа 33%.

Франциеи Америкеи акорпорациақәа аманипулиациа мҩаԥыргоит ҳәа изшьо реиҳараҩык аҿар роуп, Италиеи Британиеи – аиҳабырашықәсқәа ирыҵаркуа роуп.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" азҵаараҭара лассы-лассы имҩаԥнагоит: Британиа ду, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Германиа, Франциа рҟны – еиуеиԥшым асоциалтәи аполитикатәи зҵаарақәа рзы. Изызҵаауа еихыршоит шықәсыла, ахаҵара/аԥҳәысра ала, агеографиатә ҭагылазаашьа ала. Азҵаарамҩаԥгара еиҿкаан хәажәкыра 22-27 рзы. Иалахәын 5026 респондент.

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2015 шықәса, ажьырныҳәамзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит аҭҵааратә компаниақәа Populus, Forsa, iFop. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит. Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә ҳақәа рыла.

© Sputnik Sputnik Агәаанагара
Sputnik Агәаанагара - Sputnik Аҧсны
Sputnik Агәаанагара
Ажәабжьқәа зегьы
0