Урыстәыла хәыда-ԥсада аҵараҵаразы аԥышәарақәа ррыцхә азгәаҭоуп

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото абитуриентов
Архивное фото абитуриентов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса рзы 53 ҭыԥ Аԥснытәи абитуриентцәа ирзоужьуп Урыстәыла хәыда-ԥсада аҵараҵаразы.

АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟны адкыларатә ԥышәарақәа ирылагоит мшаԥы 23 инаркны ҳәа иҳәеит абитуриентцәа рԥылараан Аԥсны иҟоу аҭҵаарадырреи акультуреи рзы Урыстәылатәи ацентр ахаҭарнак Евгени Павлов.

"Мшаԥы 23 рзы аматематиказ аԥышәара мҩаԥгахоит, мшаԥы 24 рзы химиазы, мшаԥы 25 рзы – азеиԥшдырразы, мшаԥы 27 рзы – атест ҟазшьа змоу аурыс бызшәаз аԥышәара. Аԥышәарақәа зегьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥгахоит", — иҳәеит иара.

Аԥышәарахь абитуриентцәа неир ауп асааҭ 10:00 ирхымгакәа, ртәылауаҩшәҟәы рыманы. Иагхаз аԥышәарахь инарышьҭуам.

Уроки абхазского языка - Sputnik Аҧсны
Григорьев: экзамены по абхазскому языку не связаны с квотами в российские вузы

"Аԥышәарахь абитуриентцәа неиуеит сиала. Аҭел змоу русура ахәшьара жәа-баллк агдырхоит. Аҭелқәа шәҭаацәа ирзыншәыжь", — иҳәоит Аԥсны иҟоу Россотруничество ахаҭарнак Евгени Павлов.

Аԥышәара ашьҭахь абитуриентцәа ирҩыз ахкьыԥхьаа рырҭоит. Дасу илшоит иусумҭа иахьиҭаху аҭыԥ аҟны агәаҭара, иоуз абаллқәа дрықәшаҳаҭымзар, дахашшаар илшоит.

Аҟәа иҟоу аҭҵаарадырреи акультуреи рзы Урыстәылатәи ацентр абжьагаҩ Дмитри Кононов иажәақәа рыла аквотақәа ыҟоуп азанааҭқәа зегьы рыла.

2018 шықәса рзы 53 ҭыԥ Аԥснытәи абитуриентцәа ирзоужьуп Урыстәыла хәыда-ԥсада аҵараҵаразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0