Ахьаа зыртәо ԥшьнашанатә цәаҳәак

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИнал Лазба: почему апсуара.
Инал Лазба: почему апсуара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зычҳара уадаҩу акәны иԥхьаӡоуп абылра ахьаа. Уи амедицинатә цхыраарада аиқәыртәара уадаҩуп. Аха иҟазаап, ԥшьнашанатә цәаҳәак, минуҭқәак ирылагӡаны ахьаа цәгьа зыртәо, уи абылра аҭәҳәа ауп. 35 шықәса ҵуеит Лиудмила Алшәындԥҳа абылра иацу ахьаа аҭәҳәала еиқәлыртәоижьҭеи. Уи аҭәҳәа шылҵаз, насгьы иамоу амч атәы Саида Жьиԥҳа лматериал аҿы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Лиудмила Алшәындԥҳа Жьиаа рҭаацәара данрыднагала, ԥсыуаҵас ишаԥу еиԥш, дахьынӡаҿыцыз лассы-лассы аҭацабысҭазы илзааиуан ауеи-ҭынхеи, агәылацәеи. Ҽнак дыццакы-ццакуа абысҭа шылуаз, аҟьаҭҟьаҭ лнапы иақәҭәеит, иаразнак аӡаӷьа аақәгылеит, ахьаа цәырҵит. Уи збаз ланхәа Наталиа Ԥкьынԥҳа, аҭаца даалыԥхьан лнапы даҭәҳәеит, минуҭқәак рышьҭахьгьы ахьаа цеит. Лиудмила лусқәа данрылга, ланхәа длыҳәеит абылра аҭәҳәа ллырҵарц.

Убри нахыс, Лиудмила Алшәындԥҳа абылра аҭәҳәа ҟалҵо далагеит лхази, лыхшареи рзы, иара убас илыдҵаалозгьы рацәаҩхеит.

Аҭаца ланхәа илҿылҵаашаз аҭәҳәа хкқәа даара ирацәан, аха абырг лассы лыԥсҭазаара далҵит.

"Ианакәзаалак, аҭәҳәа аҵара уадаҩуп. Уи злашьақәгылоу ажәақәа хьанҭоуп. Санхәа илҳәоны исаҳахьан, аҭәҳәақәа зегьы рҿаҟны иааиуам, аха изықәманшәалахо ихашҭуам ҳәа. Лара ислырҵаз аҭәҳәа, шәышықәса еиҳаны иахыҵуеит лҳәахьан. Аҭәҳәақәа рҟны иуԥылоит ҩба-хԥа ҵакы еидызкыло, аха акны иуҳәо ажәақәа. Хымԥада урҭ ргәынкылара уадаҩуп. Хазы-хазы ажәақәа нагӡаны иуҳәар зыҟамлои ҳәа санлазҵаалак, ус рымч кәадахоит, акы аҟны ԥыҭк анеидукыло акалашәа иӷәӷәахоит лҳәон", — абылра аҭәҳәа шылҵаз лгәалашәоит Лиудмила.

Аҭәҳәаҟаҵаҩ ихьаа лыртәахьан, ӷәӷәала змахәҿа блыз ҷкәынак.

Ҭина Бебиԥҳа - Sputnik Аҧсны
112 шықәса зхыҵуа Ҭина Бебиаԥҳа: сықәра амаӡақәа ируакуп – гәыла амажәра

"Ҳгәыла ҷкәынак ашьхараҟны абна ԥиҟон абылтәы хәархь ала. Иԥсы ахьынӡеиҭаикуаз, дзыхоз аҭаҭын аццышә абак инҭашәан, иҭҟьаз амца ӷәӷәала инапы аблит. Аӡиас аҿы аведра аазна аӡы ҩҭыганы, инапы лӡааҵаны, ԥшьала длыбааит. Дхьаа мацараха сара сҟны дааит. Ус инапы аӡы ишӡааз саҭәҳәеит. Хәбаҟа минуҭ рышьҭахь, акагьы змыхьыз еиԥш дҿаԥха-ҿаччо инапы дааҩахеит, ихала агәра изымго", — лҳәоит Лиудмила.

Аамҭа ԥхьаҟа ишцахьоугьы, ҳажәлар зегь акоуп аҭәҳәақәа рыгәра шыргац иргоит. Лассы-лассы алаԥш цәгьа зкуа ахәыҷқәа ирыҭәҳәоит.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭәҳәаҟаҵаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷхеит. Уаанӡа қыҭак аҟны жәаҩыла ирдыруазҭгьы, иахьа раионк аҟнытә даҽа раионк ахь уцароуп.

Аха ари аус дырманшәалеит амобилтә ҭелқәа.

"Уажәааигәа, хәыҷык ишьапы блын, иаб аҭел дысзасит, иҟалозар амобилтә ҭел ишьапы иадыскылоит, шәара аҭәҳәа ҟашәҵа ҳәа. Ахаан ус сымыҭәҳәацызт, хәарҭара злаиуои ҳәа сгәы иаанарго. Аха ахәыҷы дрыцҳасшьан, исцәагои ҳәа аҭәҳәа ҟасҵеит. Минуҭқәак рышьҭахь, зҵәыуабжьы атрубка иҭыҩуаз иҽирҭынчит. Аб уамашәа ишибоз, абзиараз ҳәа неибаҳҳәеит", — ахҭыс еиҭалҳәоит Лиудмила.

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Аҭәҳәаҟаҵаҩы лажәақәа рыла, амч узҭо агәрагара ауп. Ауаҩы хьаак анизцәырҵо, аҭәҳәа шицхраауа агәра игозар, имыхәар ауам, аха исцәагои ҳәа дудҵаалар башахоит.

"Ажәытәан аҳақьымцәа аныҟамыз, ауаа рҽырхәышәтәуан аԥсабара ирнаҭоз аалыҵқәа рыла. Аҭәҳәақәа ракәзар, ауаҩы ихьуа зеиԥшроу еиԥш, дыззашуаз ажәала аҿагылара арҭон адырыҩцәа, ихьаа ажәа џьбара иацәдыршәон", — ҳәа азгәалҭоит аҭәҳәаҟаҵаҩы.

Абар, абылра ахьаа еиқәзыртәо урҭ ԥшьнашанатә цәаҳак:

Џьмашымца иақәҵаны избылхьада,

Ҳәаԥшькгьы икнаҳаны ицәызкәкәахьада,

Аблара ахьаа амам зҳәахьада,

Ага, аҟәара ӡаӷь ықәаҳа, уаргьы ӡаӷь уқәлааит!

Ҷфу,  Ҷфу, Ҷфу!

Ажәабжьқәа зегьы
0