Ԥиԥиа: амаланыҟәатә спорт Аԥсны аҿиара аиуроуп

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото велосипедиста
Архивное фото велосипедиста - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амаланыҟәатә спорт Аԥснытәи афедерациа ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҿы амаланыҟәатә спорт хкы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Амаланыҟәатә спорт Аԥснытәи афедерациа ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит иаарласны Аҟәатәи ареспубликатә стадион аҿы ишаадыртуа ахәыҷқәа рзы ашкол.

Вахтанг Ԥиԥиа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Ҳара амаланыҟәатә спорт иадҳаԥхьалалоит 12 шықәса инаркны изхыҵуа ахәыҷқәа. Абри аспорт хкы аҿиара аиуразы ихәыҷу рыла ҳалагароуп", — иҳәеит иара.

Ԥиԥиа иажәақәа рыла аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы амаланыҟәатә спорт рылаҵәаны иҟам.

"Аиҳарак асеиԥш зыҟалаз амаланыҟәақәа рыхәԥса акыр иахьыҳараку ауп. Асовет аамҭақәа раан даара аҿаиара аман. Иҟан азыҟаҵаҩцәа бзиақәа", — иҳәеит Ԥиԥиа.

Тҟәарчалтәи ашкол аҿы аҵара аниҵоз Вахтанг Ԥиԥиа амаланыҟәатә спорт далахәын, еиуеиԥшым аицлабрақәа дрылахәын.

"Зыҟаҵаҩыс дҳаман Николаи Георгиади. Зегьы бзиа деицаабон. Имаҷымкәа СССР аспорт азҟазацәа еиҵаиааӡеит" ҳәа игәалаиршәоит Амаланыҟәатә спорт Аԥснытәи афедерациа ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа.

Вахтанг Ԥиԥиа иҳәоит иахьазы абри аспортхкы аҿиара ауадаҩрақәа шацу.

"Амҩақәа рҭагылазаашьа иунаҭом алшара маланыҟәала аныҟәараз", — иҳәоит иара.

Амаланыҟәатә спорт Аԥснытәи афедерациа ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа агәрагара имоуп Аԥсны амаланыҟәатә спорт аҿиара шаҭаху азы. Уи адагьы аспорттә туризм Аԥсназы иуадаҩу акакәны иҟам ҳәа ишьоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0