Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшаара иацҵоуп

© Фото : предоставлено Николаем Медвенским Поисковая экспедиция "Санчара. Высокогорный фронт-2017"
Поисковая экспедиция Санчара. Высокогорный фронт-2017 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультуратә ҭыԥ СКЛАД аҟны лаҵара 3 рзы имҩаԥысит аҭоурыхдырыҩ Николаи Медвенски илекциа "История поискового движения в горах Абхазии".

АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ иҭахаз рыԥсыбаҩқәа Санчаратәи ахыҵырҭаҿ рыԥшаара иацҵоуп иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз аекспедициа анапхгаҩы, арратә ҭоурыхдырыҩ Николаи Медвенски.

Григори Скворцов. - Sputnik Аҧсны
Скворцов: хабарда ибжьаӡыз ҭахеит ҳәа иԥхьаӡалатәуп

2017 шықәса рзы имҩаԥысуаз аԥшаарақәа раан иԥшааны анышә иамадан 33 солдаҭи офицари рыԥсыбаҩқәа.

"Сынтәагьы иҳагәҭакуп Санчаратәи ахыҵырҭахь ахынҳәра, ааигәа-сигәа иҟоу аҵакыраҿ аԥшаарақәа рымҩаԥгара. Уаҟа даара ирацәоуп аԥсыбаҩқәа анышә иамадамкәа инханы иҟоу", — иҳәеит иара.

Аԥшаарақәа рзы иреиӷьу аамҭаны иҟоуп ԥхынгәы анҵәамҭеи нанҳәа алагамҭеи. Аԥшааратә гәыԥ аилазаара шьақәдырӷәӷәоит Аԥсны Ахада иҿы иаԥҵоу акомиссиа.

"Кавказтәи ашьхақәа рҿы аибашьра ӷәӷәа цон. Иҭахеит зықьҩыла асолдаҭцәеи аофицарцәеи. Иахьагьы урҭ реиҳараҩык рыԥсыбаҩқәа анышә иамадам", — иҳәоит аҵарауаҩ.

1943 шықәса, аԥхынраз, ашьхараҿ асы шыӡыҭыз еиԥш СССР арратә комиссариат имҩаԥнагеит раԥхьатәи аԥшаарақәа.

"Аусурақәа хықәкны ирыман асовет ар рыԥсыбаҩқәа анышә рамадара. Аибашьра цон. Аԥаразоужьра акыр иԥкын. Аибашьра ашьҭахь абри аус аҿиара амоуит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Медвенски.

1962 шықәса рзы Марыхә иахьаҵанакуа ахьча Мурадин Качкаров иԥыхьашәеит жәаҩык рҟынӡа асолдаҭцәа рыԥсыбаҩ.

"Абри иазкны ашәҟәқәа рҩит, арепортажқәа ҟарҵеит. Еиҵагылаз аҿар ирҭахын ара иҟаз аилкаара", — иҳәоит иара.

Аибашьрақәа ахьцоз аҭыԥқәа рахь аентузиастцәа неиуа, аԥшаарақәа мҩаԥырго иалагеит.

"Аԥшаарақәа ирылахәын Асовет еидгыла ахы-аҵыхәаҟынтәи ауаа. Аиҳаракгьы ирацәан Аԥснытәиқәа. Урҭ ирхықәкы хаданы иҟан иҭахаз рыԥсыбаҩқәа анышә рамадареи абаҟа хәыҷқәа рыргылареи", — ҳәа азгәеиҭеит Медвенски.

1962 — 1987 шықәсқәа рзы Кавказтәи ашьхеибаркырақәа ирхыҵит миллионки бжаки рҟынӡа ауаа.

"Зегьы рхықәкы акакәын. Аусура бзиа мҩаԥыргеит Аҟәа ақалақь ашколқәа №10, №19 рҵаҩцәа.

10-тәи ашкол аҿы аус иуан Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Григори Чыкәбар. Иара есышықәса иҵаҩцәа иманы ашьхаҟа дхалон. 1967 шықәса рзы игәыԥи иареи Клыхәраҟа ихаланы аобелиск ықәдыргылеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Николаи Медвенски.

Аҟәатәи 19-тәи ашкол адиректор Ремзи Агрба аԥшааратә усурақәа активла дрылахәын.

"Иара арратә фотоҭыхыҩ иаҳасаб ала еиҳа деицырдыруеит. Изныкымкәа Санчаратәи ахыҵырҭахь дхалахьан, далахәын аруаа рыԥсыбаҩқәа рыжра", — ҳәа иҳәоит аҵарауаҩ.

1962 шықәса раахыс иԥшааны анышә иамадоуп 364 ԥсыбаҩ ҳәа еиҭеиҳәеит Николаи Медвенски.

Ажәабжьқәа зегьы
0