Аиааира амш азгәарҭон Дәрыԥшь ақыҭан

© Sputnik / Бадри ЕсиаваСкачки в селе Дурипш
Скачки в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан Аиааира амш иазкны имҩаԥган аҽырыҩра ду.

ГӘДОУҬА, лаҵара 10— Sputnik, Бадри Есиава. Аиааира Ахраҿаз еиндаҭлон Дәрыԥшь ақыҭаҿ еизаз аҽыбӷаҟазацәа. Абри атәы еиҭеиҳәоит Sputnik акорреспондент.

Ԥшь-нызқь метра аиԥхныҩлара иалахәын аҽшьажәлацқьақәа быжьба. Аҽқәа аннаҵҟьа инаркны аԥыжәара шьҭихит еицырдыруа аҽыбӷаҟаза Ардон Гәаланӡиа имоҭа, Инал Гәаланӡиа (Никита Чкок иҽыҩ Иприт). Иара иоуп раԥхьа инеизгьы.

Аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Тимур Чхабелиа (Аҷандара), ахԥатәи— Артем Падучев (Џьырхәа).

Аԥснынтәи 55 нызқьҩык инареиҳаны аибашьра ду иалахәын. Урҭ рҟынтәи 15 500 аԥсыуаан.

17 430-ҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0