Аиааира аҷандараа иртәхеит

© Sputnik / Бадри ЕсиаваКонноспортивные состязания в селе Дурипш
Конноспортивные состязания в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан Аиааира амш иазкны имҩаԥган аҽырыҩра ду.

ГӘДОУҬА, лаҵара 10 — Sputnik, Бадри Есиава. Сынтәа Аҷандара ақыҭа аҽыбӷаҟазацәа актәи аҭыԥ ааныркылеит есышықәса имҩаԥырго аицлабрақәа рҟны, иҳәеит Гәдоуҭа араион аҽыбӷаҟазаразы Аилак ахантәаҩы Џьарназ Бениа.

Скачки в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аиааира амш азгәарҭон Дәрыԥшь ақыҭан

"137 балл рыманы ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит дәрыԥшьаа, 142 балл рыманы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит лхаа, 175 балл рыманы аԥыжәара ргеит аҷандараа", — иҳәеит Бениа.

Ҩымш рыҩныҵҟа имҩаԥган аҽырыҩрақәа, аимҵакьача, аҵәыршәра, аҽырхәмарра уҳәа еиуеиԥшым амилаҭтә ҟазарақәа. Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Џьарназ Бениа иазгәеиҭеит аныҳәатә программа еснагь еиԥш инарҭбааны ишеиҿкааз.

Аиааира згаз иранашьан аԥаратә ҳамҭақәа, ахраҿақәа.

"Аҽырыҩраҿ иара убасгьы ахатәхаҿқәа рҟынтәи иҟаҵан агәазыҟаҵарақәа. Убас аҽырхәмарраҿ аиааира згаз изы Баҭал Арӡынба ҳамҭаны иааигеит ауапа еиқәаҵәа, Ҳагаа рыжәла ахьӡала ԥшь-километрак аҩраҿ аиааира згаз ианашьан аԥаратә ҳамҭа, Адам Агрба игәалашәара ахьӡала ижәлантәқәа 1200 километра рҟны аиааира згазгьы ианашьан аԥаратә ҳамҭа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Бениа.

Аҵәыршәраҿ аиааира ргеит ҟәланырхәаа, аҩбатәи аҭыԥ ныркылеит џьырхәаа, ахԥатәи – аацаа.

Аҽырхәмарраҿ актәи аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит ҟәланырхәаа: Мераб Аргәыни, Витали Агрбеи, ахԥатәи аҭыԥ – Аҷандаратәи- Гәылариа Баграт.

Аԥснынтәи 55 нызқьҩык инареиҳаны аибашьра ду иалахәын. Урҭ рҟынтәи 15 500 аԥсыуаан.

17 430-ҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0