АҞӘА, лаҵара 11 – Sputnik. Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥснытәи аскрипкарҳәаҩ Емилиа Терзиан-Ҳагба Жәларбжьаратәи афестиваль "Музыка мира" актәи аҩаӡара алауреат ҳәа ахьӡ лоуит. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Емилиа лаб, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Давид Терзиан.
Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Музыка мира" мҩаԥысуан Израиль лаҵара 6- 10 рзы. Иара еиднакылеит Урыстәыла, Нидерланды, Америка, Германиа, Сингапур рҟынтәи амузыкантцәа.
Афестиваль-конкурс иалнаршоит анагӡаҩцәа қәыԥшцәа рҟазара аарԥшра.
Жәаҩа шықәса зхыҵуа аскрипкарҳәаҩ Емилиа Терзиан-Ҳагба иара убасгьы лҽаԥсалтәхьеит Рига, жәабран 26 инаркны хәажәкыра 4 рҟынӡа имҩаԥысуаз аконкурс "Восходящие звезды" аҟны Гран-при аиура.