Рауль Ҳаџьымбеи Гәдоуҭа араион Ахадеи еиԥылеит

© Фото : Пресс-служба Президента Республики АбхазияВстреча президента Абхазии Рауля Хаджимба с главой гудаутского района Русланом Ладария
Встреча президента Абхазии Рауля Хаджимба с главой гудаутского района Русланом Ладария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Гәдоуҭа араион Ахада Руслан Ладариеи реиԥылара мҩаԥысит лаҵара 11 рзы.

Бадри Есиава, Sputnik

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Гәдоуҭа араион Ахада Руслан Ладариеи реиԥылара мҩаԥысит лаҵара 11 рзы. Аиԥылараҟны ирылацәажәан Аинвестициатә программа анагӡара иадҳәало азҵаарақәа, ашәахтәқәа реизгашьа, араион абиуџьет аҭагылазаашьа, акурорттә сезон азыхиашьа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амшныҳәа азыхиашьа уҳәа ирацәаны.

Аԥызы-министр Беслан Барцыц - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа араион аҟны Аинвестпрограмма амҩаԥысшьа ахылаԥшразы аштаб аԥҵоуп

Руслан Ладариа иҳасабырба далагеит абиуџьет алацәажәарала. Араион абиуџьет акурорттә сезон иадҳәалоуп. 2017 шықәса рзы атуристцәа арахь раара алаҟәра иахҟьаны, 2016 шықәса иаҿырԥшны 2017 шықәса рзы 37 миллион еиҵахеит абиуџьет иалалаз аԥарақәа рхышәа-ҵышәа. Араион азы арҭ аԥарақәа имаҷымкәа апроблемақәа рыӡбуан, иҳәеит иара.

Аҭагылазаашьа уадаҩ алҵра алшеит аҳәынҭқарра ацхыраарала. Урҭ аԥарақәа абиуџьет аусхк аҟны аус зуа рулафахәы иазырхан.

Абиуџьет аҟнытә аулафахәы азы араион 22 миллион мааҭ аҭахны иҟоуп — мызкы аҩныҵҟа. Араион Ахада сынтәатәи акурорттә сезон хра аманы иҟалап ҳәа дақәгәыӷуеит.

Рауль Ҳаџьымба дазҵааит араион ахатә лшарақәа рҟынтәи иҟоу афеида атәы, уи ахархәашьа. Ладариа иазгәеиҭеит ахатә лагалақәа рыла шакәу гәдоуҭатәи абжьаратә школ №4 ахыб шыԥсаху, имаҷымкәа аиланхарҭа ҩнеихагылақәа рхыбқәагьы шыԥсаху. Абарҭ аԥарақәа рылоуп аӡымҩангагатә цәаҳәақәа шышьҭаҵо, амҩақәа аремонт шрызуу, иара убасгьы ақыҭақәа рхадарақәак рхыбрақәа аремонттә усурақәа ишырхыжьу.

Аинвестициатә программалоуп Афон ҿыц ахәыҷбаҳча аргылара ишаҿу, Лыхнытәи абжьаратә школ аремонт шазыруа. Атәыла Ахада ҷыдала дазҵааит Аинвестициатә программа анагӡашьа. Уи аганахь алоуп араион миллиардк рҟынӡа аԥара шазоушьҭыз.

Ладариа иажәақәа рыла, урҭ аԥарақәа ахархәара рыҭоуп асовет аамҭақәа раахыс аремонт ззырымуцыз ақәаршҩыцарҭақәа рышьақәыргылараҿы, Гәдоуҭа ақалақь амҩадуқәа ҩбеи ашьаҟамҩеи реиҿкаараҿы. Ақыҭақәа ԥшьба ӡыла реиқәыршәара азҵаарагьы ӡбоуп абарҭ аԥарақәа рхархәарала.

Ҳаџьымба иҳәеит аусурақәа уаҩы ибо-иаҳауа ишымҩаԥгалатәу, ауааԥсыра азҵаарақәа рызцәырымҵыртә еиԥш.

Аиԥылара ашьҭахь атәыла Ахадеи араион Ахадеи Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥысуа аусурақәа гәарҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0