Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еиԥылеит

© Фото : пресс-служба МИД РАГлавы МИД Южной Осетии и Абхазии встретились в Сухуме
Главы МИД Южной Осетии и Абхазии встретились в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иааԥхьарала Аԥсны усутә ныҟәарала даҭааит Аахыҵ-Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев.

АҞӘА, лаҵара 15 — Sputnik. Аминистрцәа реиԥылараан ирылацәажәеит еиуеиԥшым атәылақәа рыҩба реизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.

Даур Ақаҩбеи Дмитри Медоеви реиԥылара мҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

"Имҩаԥысыз аминистрцәа реиԥылараҟны ирылацәажәан аполитикатә диалог аилибакаареи агәреибагареи рҟазшьа аманы ԥхьаҟагьы арҿиара азҵаарақәа, аԥсуа-ауаԥс усеицура алшарақәа рырҭбаара", — ҳәа аҳәоит аминистрра адырраҭараҟны.

Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аахыҵ-Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоеви ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿаԥхьа.

Дмитри Медоев далахәхоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашьаҭаркра 25 шықәса ахыҵра амшныҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0