Аҷандаратәи аԥшаахқәа амузеи иаҭоуп

© Фото : Daur BeniaЮвелирные изделия найденные в Ачандаре
Ювелирные изделия найденные в Ачандаре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса ажьырныҳәа 31 рзы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа анхаҩы Русҭам Чхабелиа игәараҭаҿы аусурақәа рымҩаԥгараан ажәытә жырҭа ибеит.

АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба, Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа далархәны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иеиҭеит Аҷандара ақыҭаҿ иԥшааз ажәытә маҭәарқәа.

Аркадий Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Археолог: Аҷандара иԥшаауп аҭоурых азы акырӡа зҵазкуа ахьымаҭәа

2018 шықәса ажьырныҳәа 31 рзы Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭа анхаҩы Русҭам Чхабелиа игәараҭаҿы аусурақәа рымҩаԥгараан ажәытә ԥсыжырҭа ибеит. Иибаз азы аҳәынҭқарратә органқәа рахь адырра ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә саит.

Атәыла Ахада инапынҵала уахь инеиит Аҩныҵҟатәи аминистр зхадараҿы дыҟаз ААР аоперативтә гәыԥи аексперт-криминалисттә центр аҟазауааи. Иԥшааз амаҭәарқәа рсиа ҟаҵан, аматериал инарҭбааны аҭҵааразы аҳҭнықалақь ахь иааган.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьапуа иазгәеиҭеит Аҷандаратәи аԥшаалыхқәа Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа иаарԥшу зегь раасҭа ибеиуоуп ҳәа. Аҵарауаа ргәаанагарала дара заатәи абжьарашәышықәса иаҵанакуеит аамҭала.

"Уи аҭыԥаҿ зегь раԥхьаӡа аԥшаарақәа мҩаԥигахьан Михаил Гәынба, анаҩс Алик Габелиа, Иури Скаков. Чхабелиаа ахьынхо адәаҿы ажәытәӡатәи анышәынҭрақәа ыҟоуп. Уажәтәи аԥшаамҭа V-IV ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа аамҭахь иаҵанакуеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп", — иҳәеит Аркади Џьопуа.

VI-IV ашәышықәсақәа ирыҵаркуа Аҷандаратәи аԥсыжырҭа аекспедициа иҭнаҵааз заатәи аҭоурых баҟақәа иреиуоуп.

Амаҭәар ԥшаахқәа иахьанӡа иҵәахын Амилаҭтә банк аҿы. Уажәшьҭа амузеи аҟазауаа уи аҭоурых хәыԥса шьақәдыргылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0