Гәдоуҭатәи ашәаҳәаҩцәа аиааира ааргеит

Вокалистки из Абхазии стали лауреатами ежегодной международной премии "ART OPEN WORLD"
Вокалистки из Абхазии стали лауреатами ежегодной международной премии ART OPEN WORLD - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи Жәларбжьаратәи аԥхьахә "ART OPEN WORLD" мҩаԥысуан Ростов-на-Дону ақалақь аҿы лаҵарамза 11 - 13 рзы.

АҞӘА, лаҵара 16— Sputnik. Асида Кәыҵниаԥҳа. Аԥснытәи ашәаҳәаҩцәа есышықәсатәи Жәларбжьаратәи аԥхьахә "ART OPEN WORLD" иалауриатцәахеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит ашәаҳәаҩцәа руаӡәы лан.

Жәларбжьаратәи аԥхьахә азы аиндаҭлара иалахәын Амина Џьарсалиаԥҳаи Аделина Аџьԥҳаи. Жәаха шықәса зхыҵуа Амина Џьарсалиаԥҳа аноминациа "Соло. Эстрадный вокал" аҟны актәии аҩбатәии аҩаӡарақәа дырлауреатхеит. Иара абри акатегориаҿы быжьшықәса зхыҵуа Аделина Аџьԥҳа ахԥатәи аҩаӡара далауреатуп. Ашәаҳәаҩцәа рҩыџьагьы иара убас акатегориа "Дуэт" аҿы ироуит ахԥатәи аҩаӡара алауреатра.

"Аӡӷабцәа ҩба-ҩба шәа нарыгӡеит: аԥсышәалеи францыз бызшәалеи. Аконкурс алахәхаразы авоколистцәа алкааратә етапқәа зегьы ирхысит. Аҵыхәтәантәи аетап аан Амина Џьарсалиаԥҳа Гран-при ланашьахеит. Ростов афинал ахь инеиит иреиӷьӡақәаз. Аиндаҭлараҿы аиааира зго ироуеит алшара ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аартраан иқәгыларц", — ҳәа еиҭалҳәоит Анна Аџьԥҳа.

Амина Џьарсалиаԥҳа жәашықәса анылхыҵуаз инаркны ашәаҳәара лнапы алакуп, Аделина Аџьԥҳа лакәзар "Аиҳәшьцәа Берзениаа" рвокалтә студиаҿы лҽазыҟалҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0