Ҳаџьымба: аҭоурыхтә гәалашәареи – амилаҭтә хдырреи еиҟәыҭхашьа рымам

© Sputnik / Томас ТхайцукНаучная конференция посвященная 25-летию Победы в ОВНА
Научная конференция посвященная 25-летию Победы в ОВНА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә ҭҵаарадырратә конференциа "Аҧсны Аҳәынҭқарра: ахьыҧшымразы ақәҧара аҧышәа, иахьатәи аҭагылазаашьа, аҿиара амҩақәа" аатит лаҵара 16 рзы Ахьӡ-аԥша амузеи аҿы.

АҞӘА, лаҵара 17— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира агара 25 шықәса ахыҵреи Аҧсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азхаҵара аиужьҭеи 10 шықәса аҵреи ирызкыз аҭҵаарадырратә конференциа "Аҧсны Аҳәынҭқарра: ахьыҧшымразы ақәҧара аҧышәа, иахьатәи аҭагылазаашьа, аҿиара амҩақәа" аҟны дықәгылеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

 "Сынтәатәи ашықәс – ҳаҧсадгьыл ахьыҧшымреи, уи азхаҵареи риубилеитә рыцхәқәа ирышықәсуп. Уи хҭысла ибеиоуп. Егьа уадаҩра, ҧынгыла ҳамазаргьы ҳаҩныҵҟа, ҳажәлар гәык-ҧсыкала ишырҭаху ҩашьом ҳиааира аҭоурых азхьаҧшра, уи зхы ақәызҵаз Аҧсны аҵеира иаадырҧшыз агәымшәара ҳаҭырқәҵарыла азнеира. Аҭоурыхтә гәалашәареи – амилаҭтә хдырреи еиҟәыҭхашьа рымам. Убри аҟнытә иахьа абраҟа Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аҧша Амузеи аҿы имҩаҧысуа ҳаизарагьы аҵак ду амоуп. Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ҳаҭыр зқәу асасцәа! Аҧсны аҳәынҭқарра знысыз амҩа, ҳажәлар рхақәиҭратә қәҧара аҧышәа — рыгәцаракра, ҧхьаҟагьы реизырҳара – ҳазегь иаҳуалҧшьоуп! Сгәы иаанагоит, агәрагарагьы сымоуп, ауадаҩрақәа ҳариааины, зықьҩыла Аҧсны аҵеира рхы зқәырҵаз аус хьыӡла-ҧшала амҩаҧгашьа ҳшақәшәо.
 Ишәзеиҕьасшьоит агәамч ҕәҕәа, аихьӡара ҿыцқәа, аизыразра!"

Главы МИД Южной Осетии и Абхазии встретились в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еиԥылеит

 Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ареспублика аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда шааныркыло Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьар адаҟьақәа.

Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25 шықәсаа хыҵра аизку аныҳәатә уснагӡатәқәа рылахәразы Аԥсныҟа иааз Аахыҵ-Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев иазгәеиҭеит.

 "Сынтәа ҳажәларқәа иазгәарҭараны иҟоуп аҵак ду зманы иҟоу арыцхәқәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара, Урыстәылатәи Афедерациеи ҳҳәынҭқаррақәеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. Нанҳәа 8 рзы ҳреспубликаҿы иазгәаҳҭараны ҳаҟоуп алахьеиқәҵаратә мшы", — ҳәа.

 Медоев иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ихнартыз аибашьра арегион аҿы арадикалтә еиҭакрақәа рахь ишкылнагаз.

 Ареспубликатә ҭҵаарадырратә конференциа "Аҧсны Аҳәынҭқарра: ахьыҧшымразы ақәҧара аҧышәа, иахьатәи аҭагылазаашьа, аҿиара амҩақәа" еиҿыркааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә Ахьӡ-аԥша амузеии Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ринститути.

Ажәабжьқәа зегьы
0