Афонд "Ашана" аԥареизгара иалагеит Мариа Коротич лыхәышәтәразы

© Sputnik / Томас ТхайцукМария Коротич
Мария Коротич - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара иалагеит шықәсык зхыҵуа Мариа Коротич лыхәышәтәразы. Томсктәи аҭҵаарадырратә институт аҟны иҟарҵо аоперациа ахәԥса 500 000 мааҭ артәоит.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Мариа Коротич ахшараиурҭа ҩны данылырҩаа ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны аҳақьымцәа лгәы ашыкьыбжь шамаз шьақәдыргылеит. Акардеолог ишьақәирӷәӷәеит лгәы амалыр шамаз.

"Аԥхьаҵәҟьа агәра ҳазгомызт, аха адиагноз изныкымкәа ишьақәырӷәӷәахеит. Ҳшыҟаз атәы шԥашәасҳәари", — иҳәеит Мариа лаб Александр.

Иара иажәақәа рыла Мариа длахҿыхуп, аха инамарацәаны лҽанылҟьалак, лыԥсы еивҵахо иалагоит. Аҳақьымцәа ирҳәеит ахәыҷы хымԥада аоперациа шылзутәу.

Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника акардиолог Олимпиа Скакова лажәақәа рыла ахәыҷы лчымазара иахҟьаны леизҳара ԥкуп. Мариа ианлаамҭоу аоперациа лызумзар, анаҩс лыцхыраара уадаҩхоит.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара иалагеит шықәсык зхыҵуа Мариа Коротич лыхәышәтәразы. Томсктәи аҭҵаарадырратә институт аҟны иҟарҵо аоперациа ахәԥса 541 000 мааҭ артәоит. Аҳақьымцәа азыхиоуп ахәыҷы лыцхыраара. Ахәыҷы лҭаацәа рылшарала аоперациа аҟаҵара уадаҩуп.

Мариа лыцхыраара ауеит аномер 5050 ахь смс нашәышьҭыр. Иара убасгьы иҟалоит амаҵзура "Перенос баланса" – "Благотворительность" ала аԥара нашәышьҭыр. Уи азы илхтәуп *147* ииажәго аԥара ахыԥхьаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0