Аԥснытәи абоксиор Игор Адлеиба аиндаҭлараҿы аҩбатәи аисараан даҵахеит

CC0 / / Бокс
Бокс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абокс азы Аладатәи Афедералтә округ аиндаҭларақәа мҩаԥысуеит Волгоград, лаҵара 15 - 20 рзы.

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абоксиор Игор Адлеиба аиндаҭлараҿы аҩбатәи аисараан даҵахеит. Абри атурнир аҿы аиааира ргеит Сабри Џьанбеи, Артур Џьидариани ҳәа Sputnik акорреспондент изааицҳаит Аԥсны ақәыԥшцәа еизгоу ркоманда азыҟаҵаҩ Иракли Ҵурҵумиа.

Тренировки Батала Чежия и Игоря Адлейба - Sputnik Аҧсны
Игор Адлеиба Аладатәи Афедералтә округ абокс азы аиндаҭлараҿ аиааира игеит

"Аӡбаҩцәа Игор Адлеиба даҵахеит ҳәа иршьеит. Сара, сара сеиԥш аӡәырҩы, уи иашам ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит. 19-шықәса зхыҵуаз Малик Джумаевы иареи еицықәгылеит. Уаанӡа, Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионатқәа руак аҟынгьы урҭ еиндаҭлахьан. Игор усҟан аиааира игеит. Уажәы асеиԥш иҟалеит. Аха аспорт аҿы усеиԥшқәа маҷым. Актәи риааирақәа ргеит Сабри Џьанбеи, Артур Џьидариани", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҵурҵумиа.

Аӡбаҩцәа рыӡбара аиҭахәаԥшра ҟалом абокс азы Урыстәыла Афедерациа аԥҟаррала.

Ажәабжьқәа зегьы
0