Дмитри Гәазаа актәи аҭыԥ ааникылеит

© Фото : motorsportДмитрий Гвазава
Дмитрий Гвазава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Mitjet 2L аверсиала Урыстәыла Ахраҿазы аиндаҭлара мҩаԥысит Ҭаҭарсҭан, автодром "KazanRing" аҟны лаҵара 20 рзы.

АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аспортсмен Дмитри Гәазаа Ахраҿа аҩбатәи аетап аҟны аиааира игеит.

Амашьынақәа рыла аиԥхныҩлара аҟынтәи ишиашоу ицо арбара мҩаԥысуан урыстәылатәи аспорттә телеканал "Матч! Наш спорт" аҿы.

Mitjet 2L асериа аларҵәара амоуп Франциа, Италиа, Германиа, Урыстәыла, США. Иара шьаҭеиркит франциатәи аспортсмен Жан-Филипп Даиро.

Гәазаа аилахәыра "Lukoil racing" акоманда ахьӡала ақәгылара далагеит 2018 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0