"Актриса лмонолог": Виолетта Маанԥҳа лырҿиаратә мҩа иазку ашәҟәы ӡырган Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВиолетта Маанԥҳа лырҿиаратә мҩа иазку ашәҟәы ӡырыргеит Аҟәа
Виолетта Маанԥҳа лырҿиаратә мҩа иазку ашәҟәы ӡырыргеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазараҭҵааҩ Светлана Корсаииаԥҳа иҭлыжьеит Аԥсны Жәлар рартист Виолетта Маанԥҳа илызку ашәҟәы "Актриса лмонолог". Уаҟа автор иалырбеит акырӡа ибеиоу актриса лыҩныҵҟатәи адунеи.

АҞӘА, лаҵара 22 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны Жәлар рартист Виолетта Маанԥҳа илызку ашәҟәы "Актриса лмонолог" ӡырган Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҟны, лаҵара 22 аҽны.

"Актриса лмонолог" аӡыргара ааиртит Виолетта Маанԥҳа лҩыза, лколлега, еицырдыруа актиор Кьасоу Ҳагба.

Апроект "Атеатри аԥсҭазаареи" иацылҵоит Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа

"Аԥсны актиорцәеи атеатри ирызкны акорифеи дуцәа ирыҩхьеит. Аха абасҵәҟа аԥсы ахаҵаны Светланагьы ларгьы ашәҟәы ҭрыжьеит. Сара сзы ари ҳамҭа дууп. Аԥхьаҩ актиор изаанаҭ хаҭала изымдыруазаргьы, акыр дҳаразкуа, хәыҷӡак иадымхаргьы ауаҩы анцәа иахь дықәнызго шәҟәуп уи. Сара насыԥны исыԥхьаӡоит уи", — иҳәеит Ҳагба.

Кьасоу Ҳагба иазгәеиҭеит ашәҟәы ахаҭабзиара шыҳараку.

"Ашәҟәы ахы инаркны аҵыхә аҟынӡа ԥсыуа доуҳала ишьақәгылоуп. Сазыразны Светлана Корсаиа иҭабуп ҳәа ласҳәоит", — иациҵеит актиор.

Ашәҟәы ахаҭабзиара ҳаракы убасгьы иазгәалҭеит Аԥсны Жәлар рартист, аҳәынҭқарратә аҿартә театр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмааԥҳа.

"Ашәҟәқәа ҭзыжьуа иҟарымҵац ҟарҵеит — Виолетта илызкны ашәҟәы ибзианы иҭрыжьеит, — лафла лажәа далагеит лара. — Ахаҭабзиара даара иҳаракуп. Аха оумак сыхьт: исзымхаӡеит, иҵегь ыҟандаз сгәахәит".

© Sputnik / Томас ТхайцукПенрезнтация книги "Виолетта Маан монолог актрисы"
Пенрезнтация книги Виолетта Маан монолог актрисы - Sputnik Аҧсны
Пенрезнтация книги "Виолетта Маан монолог актрисы"

 

Ақәгылаҩцәа зегьы иазгәарҭеит ашәҟәы иану даара ишырзааигәоу, избанзар изызку — Виолетта Маанԥҳа — дырдыруеижьҭеи акрааҵуеит.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Цира Габниаԥҳа иазгәалҭеит ашәҟәы аҩраан аҿахәҳәагатә жанр ахьалхыз акырӡа аинтерес шанаҭаз

"Светлана Корсаиаԥҳа иалылхаз ажанр зегь раасҭа исгәаԥхеит. Виолетта Маанԥҳа лхаҭара дууӡа ҳзырбо шәҟәны иҟалеит ари аҩымҭа. Ашәҟәы аҟны иара изызку лдуурагьы, лара автор лдуурагьы ҳбо иҟалеит. Ашәҟәы зегь рыла иҳаракуп", — лҳәеит лара.

Корсаиаԥҳа иазгәалҭеит Виолетта Маанԥҳаи лареи русеицура шыманшәалаз.

"Ари ашәҟәы сара сыԥсҭазаараҟны иаанаго рацәоуп. Иара ахаҭа аҭоурыхгьы ӷәӷәоуп, избанзар ари ҳаҿиижьҭеи акрааҵуеит. Сара исҭахын ари ҿахәҳәагак аҳасабла иҟаларц. Виолетта Маанԥҳа аус лыцура сара сзы даара насыԥ дуун", — иазгәалҭеит автор.

Аӡыргара ахырқәшамҭаз Аԥсны Жәлар рартистка Виолетта Маанԥҳаи аԥсуа театр актиорцәеи ашәа еицырҳәеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукПенрезнтация книги "Виолетта Маан монолог актрисы"
Пенрезнтация книги Виолетта Маан монолог актрисы - Sputnik Аҧсны
Пенрезнтация книги "Виолетта Маан монолог актрисы"
Ажәабжьқәа зегьы
0