Лашәриа: Мушьни Миқаиа иԥсҭазаараҿы ихадаз ипоезиеи ипрозеи ракәын

© Sputnik Бадраҟ АҩӡбаМушьни Миқаиа ихәалԥыз
Мушьни Миқаиа ихәалԥыз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, апоет, СССР-и Аԥсныи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла, "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Миқаиа 87 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, — лаҵара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мушьни Миқаиа иԥсҭазаараҿы ихадаз ипоезиеи ипрозеи ракәын, иҳәеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

"Ҳәарас иаҭахузеи Мушьни Миқаиа зегь раԥхьа инаргыланы поетк, шәҟәыҩҩык иаҳасаб ала ауп дышсыдыскыло. Ашәҟәыҩҩцәа зегьы агәалсра дуӡӡа ҳауит, арҿиара знапы алаку руаӡәк, зхы аџьыка ықәызххьаз аԥсуа литературазы, жәлар ражәа иазҟазаз ауаҩԥсы абас имҩасра. Уи иашоуп иқәрахь акыр днеихьан, агәабзиара аганахь алагьы аҵыхәтәантәи 10-15 шықәса даара дыӷәӷәаны дыҟамызт", — азгәеиҭеит Лашәриа.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Мушьни Миқаиа ирҿиамҭақәа аԥиҵон аҩны.

"Ҳара ҳнеиуан даҳбон, ҳиацәажәон, уи ҳара ҳзы акыр иаԥсан, избанзар ҳаԥхьагыла иакәын, ҳарҵаҩ иакәын. Ҳәарада иара иҟамзаара акырӡа ҳлитература ианыԥшышт, аха Анцәа имч ала иаԥиҵаз аанхоит", — иҳәеит иара.

Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит Мушьни Миқаиа ишизҳауаз ихьанҭаз ашықәсқәа раан.

"Иаб далахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа, иан хәҩык лыҷкәынцәа Мушьни дреиҳабын, раԥхьагыла иакәын, урҭ ныҟәгатәын, иааӡатәын, ихьчатәын. Ажәеинраалак аҿы иҳәоит иара ахаан ишихамшҭуа абна аҟынтәи иааиуа иан леиха ашьҭыбжь. Нас иабгьы дхынҳәит, иҭаацәагьы хәыҷ-хәыҷы рыбӷа еиҵырхуа иалагеит", — ациҵеит иара.

Мушьни Миқаиа арра ихыганы аҩныҟа данаа ажәеинраалақәа раԥҵара далагеит.

"Мушьни дравторуд ажәеинраалақәа реизгақәа 20 рҟынӡа, урҭ том-томла иҭыҵхьеит. Имариамыз иԥсҭазаара илирика ианыԥшит, маҷкгьы иархьанҭеит, агәырҩа ашьҭыбжь, уи аинтонациа иҩымҭақәа инарҭбааны ирныԥшуеит. Нас, иаҳа ааигәатәи ашқәсқәа, ҳара ҳаибашьра ашьҭахь иара иҩит аԥсуа литератураҿы иреиӷьқәоу аепосқәа руак – ҩ-томкны иҟоу ироман "Ахҟа", — азгәеиҭеит уи.

Ароман "Ахҟа" ибеиоу сахьаркыратә ажәала иҩуп, ибеиоу ажәлар рбызшәа ихы иаирхәоит.

"Иара иҩымҭақәа рҿы лассы-лассы иаҳԥылоит Тур ихәы автор дахьалацәажәо, уа саргьы снеихьан, Фазиль Искандер Чегем дшазышәаҳәаз еиԥш, Мушьни Миқаиа Тур ихәы аликааит", — ациҵеит Лашәриа.

Автор ирҿиамҭақәа акыр егьырҭ абызшәақәа рахь еиҭагоуп, азгәеиҭеит уи.

Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол  ақыҭан. Ироманқәа "Ахҟа" ҩ-томкны, иажәеинраалақәа реизга "Амзаҭәымҭа", "Тур ихәаа ражәабжьқәа", — лагала дууп аԥсуа литературазы.

Аԥсуа литература аизырҳараҿы, ҳмилаҭ аӡыргаразы илшамҭа дуқәа рзы Мушьни Миқаиа ианашьоуп "Ахьӡ –аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0