Валериа Адлеиԥҳа "Детская Новая волна – 2018" афинал лҽазыҟалҵоит

© SputnikВалерия Адлейба
Валерия Адлейба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Детская Новая волна – 2018" афинал мҩаԥысраны иҟоуп Ҟрым, Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Артек" аҿы, лаҵара 31 инаркны рашәара 1 аҟынӡа.

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Авокалтә шоу "Ты супер!" аҟны аиааира згаз Валериа Адлеиаԥҳа ҷыдала днаԥхьоуп "Детская Новая волна – 2018" афинал ахь.

Уажәы лара ахәыҷтәы центр "Артек" дыҟоуп, аҽазыҟаҵарақәа дырҿуп. Лара лажәақәа рыла ара ирацәаҩуп ҵыԥх дзабадырыз, дызҩызахаз. Валериа далахәын "Детская Новая волна – 2017", авокалтә еиндаҭлараҿы аԥшьбатәи аҭыԥ аанылкылеит. Усҟан лара иналываргылан аиааираз иқәԥон адунеи атәылақәа 11 рҟынтәи аа-ҩык ашәаҳәаҩцәа.

"Асценаҿ сара насыԥ сыманы схы збоит. Ас еиԥш иҟоу афестиваль ду алахәра гәазырҳагароуп. Сынтәа сасык иҳасаб ала ааԥхьара соуит. Гәахәарылагьы исыдыскылеит", — лҳәоит Валериа.

Валериа Адлеиаԥҳаи Лев Лешьченкои еицырҳәараны иҟоуп ашәа "Анасыԥ".

"Детская Новая волна – 2018" афинал мҩаԥысраны иҟоуп Ҟрым, Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Артек" аҿы, лаҵара 31 инаркны рашәара 1 аҟынӡа.

Ажиури иалахәуп: Игор Крутои, Александр Ревзин, Анастасиа Мухина, Константин Работов, Тарас Демчук.

Жәларбжьаратәи авокалтә еиндаҭлара "Детская Новая волна" мҩаԥысуеит Урыстәыла Аҵара аминистрра адгыларала.

Ажәабжьқәа зегьы
0