Аԥснынтәи Ҟрымҟа раԥхьатәи аидара нашьҭуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПогрузка инертных на грузовой корабль для транспортировки груза из Сухумского порта в Крым
Погрузка инертных на грузовой корабль для транспортировки груза из Сухумского порта в Крым - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи аинерттә материалқәа Урыстәылатәи Афедерациахь рынашьҭра алыршоуп Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҿы рнапы зҵарҩыз аиқәышаҳаҭрақәа инарықәыршәаны.

АҞӘА, рашәара 11– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Х-нызқь тонна абӷанҷ зқәу аидарамҩангага ӷба Аԥсны амшынбаӷәазаҟынтәи Ҟрымҟа амҩа иқәлоит ашәахьа, рашәара 11 рзы.

Аӷба аидара ақәҵара сааҭқәак иагоит, ахәылԥаз иара амҩа иқәлоит.

"Ишыжәдыруа еиԥш, ииасыз ашықәс азы Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҟны аилаӡара напы аҵаҩын Аԥснынтәи Ареспублика Ҟрымҟа абӷанҷ анагаразы. Ари раԥхьатәи усхкуп. Ашықәс нҵәаанӡа Ҟрымҟа инарышьҭраны иҟоуп 200 нызқь тонна абӷанҷ", — иҳәеит Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Аԥснытәи аалыҵ Ҟрымҟа анагара хықәкыс иамоуп урыстәылатәи апрограммақәа ареспубликаҿы рынагӡара.

Лолита Джобава - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи акәашаҩ Гран-при ланашьахеит Ҟрым

"Ҳара ҳнаплакыҩцәа рзы ари цхыраагӡоуп. Ишыжәдыруа еиԥш, аинерт материалқәа рекспорт аус аҿы ашьшьылаҳара ыҟаны иҟан. Уажәы ҳнаплакыҩцәа рыцхырааралеи аекономика аминистрра аҽазышәаралеи ҳара абри аус ҳаиҭазыхынҳәуеит", — иҳәеит Арӡынба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит  Аԥсны ишагәҭаку 2019 шықәса рзы аҽа 200 нызқь тонна аинерт материалқәа рынашьҭра. Ареспублика азыхиоуп аҳәаанхыҵҟа миллион тоннак рҟынӡа зхаҭабзиара ҳараку аинерт материал анашьҭра — иҳәеит аминистр.

"Абри азҵаара ҳалацәажәеит ааигәа имҩаԥысыз Петербургтәи аекономикатә форум аҿгьы. Сара сиҿцәажәон Аԥсны иазку азҵаарақәа хылаԥшра рызҭо Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ ҿыц Витали Мутко, Аԥсны аганахьала алицензиаҟаҵара аԥыхра азҵааразы. Уи иазку ашәҟәы азирхиахьеит  Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа. Сгәы иаанагоит азҵаара ҵоураны иӡбахап ҳәа", — иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

© Sputnik / Томас ТхайцукПогрузка инертных на грузовой корабль для транспортировки груза из Сухумского порта в Крым
Погрузка инертных на грузовой корабль для транспортировки груза из Сухумского порта в Крым - Sputnik Аҧсны
Погрузка инертных на грузовой корабль для транспортировки груза из Сухумского порта в Крым

VIII Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум мҩаԥысит Аҟәа жьҭаара 27 рзы. Афорум еиҿыркааит Аԥсны аекономика аминистрреи Урыстәыла аекономика аҿиара аминистрреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0