Урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов дызшьыз рус рыӡбеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание суда по делу Андрея Кабанова
Заседание суда по делу Андрея Кабанова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәгьоура аҭыԥ аман ԥхынгәы 11 асааҭ 12.20 рзы Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан. Абџьар ахархәара аҭан дшьын урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов.

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Екатерина Онишьченко хантәаҩыс дызмаз Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ашьра зуз аишьцәа Даури Адгәыри Џьынџьалаа рганахь ала ашьаус даԥхьеит. 

Ашьаус инақәыршәаны аишьцәа Даури Адгәыри Џьынџьалаа 18-18 шықәса рықәырҵеит, рмазара рымхны арежим ӷәӷәа иатәу аколониа иақәыршәоуп.

Аҟәгьоура амаҭәартә ршаҳаҭгақәа: Калашников иавтомати иара иацу апатронақәеи атәылахьчара аминистррахь ирыҭан.

Ашьаусқәҵара Акассациатә коллегиахь инашьҭхар ҟалоит аиҭахәаԥшраз 15 мшы рыҩныҵҟа.

Ацәгьоура ҟалеит 2017 шықәса ԥхынгәымзазы, амшын аԥшаҳәаҿы. Ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны, абџьари аҳәызбеи рхархәарала атуристцәа ирықәлеит.

Заседание суда по делу убийства российского туриста Андрея Кабанова - Sputnik Аҧсны
Аҳақьым урыстәылатәи атурист иԥсразы: ихьшәаны ахәышәтәырҭахь днаган

Ақәылараан Кабанов Андреи Николаи-иԥа 1984 шықәса рзы ииз игәышԥахьы ҩынтә аҳәызба иларҵеит. Кабанов иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.

Ацәгьоуцәа ирӷьычит иара убасгьы Кабанова Наталиеи уи ҩыџьа лхәыҷқәа – 2006 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы иизи иара убасгьы Чижикова Наталиеи уи лхәыҷқәа ҩыџьеи, 2002 шықәсеи 2007 шықәсеи рзы иизи. Аоперативтә уснагӡатәқәа ирылыршаны ирӷьычыз ауаа рхы иақәиҭтәын.

Иара убасгьы атәыла Ахада инапынҵала Аԥыза-министр Беслан Барцыц ихахьы игеит иҭахаз иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агара ахылаԥшра. Аԥсны Аиҳабыра уи азы иахәҭаны иҟоу ахарџь ашәара иаҵагылеит.

Аԥсны Ахада инапынҵала Аԥыза-министр Беслан Барцыц хаҭалатәи инапхгараҭарала имҩаԥгахеит атурист иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь агареи иҭаацәа уахь рцареи.

Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба далахәны имҩаԥысит Урыстәылатәи атуристцәа рықәлареи атурист иҭархареи раарԥшразы иаԥҵоу Аоперативтә штаб аилатәара.

Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлаз рҿахәы рҿырхуеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи атуристцәа ирықәлаз рҿахәы рҿырхуеит

Гәдоуҭа араионтә прокуратура абри ахҭыс аганахь ала ашьаусҭҵаара хацнаркит.

Иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа Москва ақалақь иаҵанакуа аусҭҵааратә Еилакы анапхгаҩы Александр Дрыманов инапынҵала Урыстәылатәи Афедерациа аусҭҵааратә Еилакы урыстәылатәи атурист Андреи Кабанов Аԥсны ишьра аганахь ала аусҭҵаара хацнаркит.

Аамҭа хара имгакәа, Урыстәыла атәылауаҩ Андреи Кабанов дызшьыз ацәгьауаҩцәа, аишьцәа: 1988 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Адгәыр Уасил-иԥеи 1987 шықәса рзы ииз Аџьынџьал Даур Уасил-иԥеи аанкылан.

Ажәабжьқәа зегьы
0