Аҟәатәи атрансформатортә аиҵастанциаҿ рышәқәа адыркит

© Sputnik Бадрак АвидзбаТрансформаторная подстанция в районе Турбазы
Трансформаторная подстанция в районе Турбазы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса жәабранмзазы жә-шықәса зхыҵуаз аҷкәын аток исит иаркымыз атрансформатортә аиҵастанциаҿ. Ахәыҷы аамҭақәак рышьҭахь иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьатәи аамҭазы аиҵастанциақәа рҟны ашәарҭадара рыӷәӷәоуп иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз афымцаргыларақәа Аҟәатәи аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Џьынџьал.

Прокуратура г. Сухум - Sputnik Аҧсны
Апрокурор ахәыҷы афымца исра зыхҟьаз иазкны: агәаҭарақәа цоит

Зынӡак Аҟәа ақалақь аҿы аус руеит 326 еиҵастанциа. Бжьаратәла дара ԥшьба-ԥшьба шәы рҿоуп. Ашәарҭадараз аусурақәа мҩаԥган 60 рҟны.

"Ҳара аиҵастанциақәа рышәқәа ҳарӷәӷәеит, асаԥаҭқәа ҿаҳҵеит. Есымза игәаҭаны ҳахысуеит урҭ асаԥаҭқәа ԥҽу иԥҽыму ҳәа", — иҳәеит аусбарҭа аиҳабы.

Џьынџьал иажәақәа рыла зны-зынла аҭыԥантәи ауааԥсыра хаԥышәала урҭ ашәқәа аадыртуеит, афымца аиԥҟьараан.

"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа ирылагӡаны ашәқәа ԥшьба ԥырҽхьан. Ҳара ԥхьаҟагьы агәаҭарақәа мҩаԥаагалоит", — иҳәеит иара.

Аҭыԥ змаз арыцҳара ашьҭахь 250 саԥаҭ аиҵастанциақәа ирҿаҵан.

"Иажәхьаз асаԥаҭқәа аҿыцқәа рыла иҳаԥсахуан. Ашәқәа ахьыуашәшәыразгьы аҿыцқәа рыла иҳаԥсахуан, аҩныҵҟа аӡәгьы аҩналара илымшарц", — иҳәеит Џьынџьал.

Ақалақь ауааԥсыра иҟоу аҭагылазаашьа ҵоураны иахәаԥшуеит. Иара убри аан иазгәарҭоит афымцацәаҳәақәа рҭагылазаашьагьы азхьаԥшра шаҭатәу.

2018 шықәса жәабранмзазы жә-шықәса зхыҵуаз ахәыҷы аток исит иаркымыз атрансформатортә аиҵастанциаҿ. Ахәыҷы аамҭақәак рышьҭахь иԥсҭазаара далҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0