Ерик Миқаа ицәыргақәҵа мҩаԥысит акультуратә ҭыԥ "Склад" аҟны

© Фото : Амра Амичба Эрик Микаа
Эрик Микаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 13 рзы акультуратә ҭыԥ "Склад" аҟны иаатит "Нарты из Абхазии" уаанӡатәи алахәыла, апродиусер, аменеџьер, аблиузмен, уажә ишеилкаахаз ала иагьасахьаҭыхҩу Ерик Миқаа ицәыргақәҵа.

АҞӘА, рашәара 15— Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ацәыргақәҵа "Мир и счастье детям всей Земли" ахь инагоу асахьақәа рыҭираан иоуа афеида зегьы Ерик Миқаа иахиԥхьаӡалоит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана", ичмазаҩу ахәыҷқәа рыцхырааразы.

"Ерик Миқаа – афонд даҩыза дууп. Иидеиа атәы анаҳзеиҭеиҳәа, ҳәарада, зегь ҳаигәырӷьеит. Ацәыргақәҵа иаҭаауа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҟазара агәахәара ирнаҭо адагьы агәыҳалалра иҟарҵо агәахәара еиҳа рнаҭарц" ҳәа лҳәоит афонд анагӡаратә директор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Раԥхьаӡа акәны асахьаҭыхыҩ ахәаԥшцәа ирыдигалеит 20 рҟынӡа усумҭа. Аҵыхәтәантәи ахәымз аус здиулоз.

"Сара хьӡы-ԥшак згандаз ҳәа саҿым. Акритикагьы сеигәырӷьаны исыдыскылоит. Иҟоуп згәамбзиара уашәшәыроу, ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа. Сара урҭ акала срыхәанда ҳәа агәаҳәара сымоуп", — иҳәоит Миқаа.

"Нарты из Абхазии" уаанӡатәи алахәыла, апродиусер, аменеџьер, аблиузмен Ерик Миқаа изы асахьаҭыхра иҿыцу акакәым. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор ихаҭыԥуаҩ Медеиа Чегьиаԥҳа ишылҳәаз ала, ашкол аҿы иҵара ашьҭахь Ерик Миқаа ААУ асахьаҭыхратә ҟәша дҭалеит.

Ерик Миқаа ицәыргақәҵа азы ииҳәаз шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

"Ерик ганрацәала аҟыбаҩ злоу уаҩуп. Данстудентыз аахыс зегьы деицырдыруан "Нарты из Абхазии" алахәылак иҳасаб ала. Аԥсуа бызшәахь еиҭеигаз адунеитә хитқәа рдиск ҭижьхьеит. Иара ихаҭагьы ашәақәа ртекстқәа иҩуеит, ихаҭа инаигӡоит. Шықәсқәак раԥхьа ААУ азиндырратә факультет дҭалеит. Иҵара аныхиркәша абри азанааҭ ала Гәылрыԥшь аамҭақәак аус иуан. Шықәсык аԥхьа иаԥиҵеит агәыԥ Red Rocks. Уажәы, абар, ацәыргақәҵа хазына. Сара избаз жәдыруоу, асахьақәа амузыка рылыҩуашәа саҳауеит", — лҳәеит лара.

Ацәыргақәҵа иаҭааит Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, уи лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа.

© Фото : Амра Амичба Выставка Эрика Микаа "Мир и счастье детям всей Земли"
Выставка Эрика Микаа Мир и счастье детям всей Земли - Sputnik Аҧсны
Выставка Эрика Микаа "Мир и счастье детям всей Земли"

Ацәыргақәҵа "Мир и счастье детям всей Земли" аҭааҩцәа иаархәеит асахьақәа ԥшьба: "Сухумчик", "Уже второй бокал", "Пурпур", "Сухум глазами варвара".

Рашәара 13 рзы акультуратә ҭыԥ "Склад" аҟны иаатит "Нарты из Абхазии" уаанӡатәи алахәыла, апродиусер, аменеџьер, аблиузмен, уажә ишеилкаахаз ала асахьаҭыхыҩ Ерик Миқаа ицәыргақәҵа.

Ацәыргақәҵа аус ауеит рашәара 16 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0