Аекономика аминистррахь еиуеиԥшым азҵаарақәа рынашьҭра алыршахоит

© Depositphotos.com / GzorgzЗаблокированный телефон в женских руках
Заблокированный телефон в женских руках - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминистрраҿ 2018 шықәса рашәарамзазы аусура хацнаркит атәылауаа ргәы иҵхо азҵаарақәа ахьынарышьҭша "горячая линия" захьӡу аимадаратә цәаҳәа.

АҞӘА, рашәара 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аекономика аминистррахь аҭел иасуа ақалақьуаа рызҵаарақәа реиҳара ззырхоу аӡыржәтә аиура, аҭелтә еимадара ахаҭабзиара, аинвестициатә программала аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа роуп, иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

"Еиуеиԥшым азҵаарақәа ҳзаарышьҭуеит. Ааигәа Адыгаа рымҩаҟны инхо ауааԥсыра аҭел иасуан: амҩа аҟаҵараан аԥхасҭа азун ателефонтә цәаҳәа. Ҳара ари азҵаара аимадара Аусбарҭахь инаҳашьҭит. Апроблемагьы аӡбара аиуит. Драндантәи аҭел иаҳзасит аԥаразоужьра ахьаанкылаз азы аӡыржәтәмҩангага ашьҭаҵара иаҟәыҵны иҟоуп ҳәа. Уажәы урҭ аусурақәа ирыцҵоуп", — ҳәа еиҭеиҳәоит Арӡынба.

Аминистр иажәақәа рыла ауснагӡатә раԥхьатәи ажәеизамш аҩныҵҟала жәаҩыла ауаа аҭел иасхьеит. Урҭ рызҵаарақәа рҟынтәи аминистрра зыӡбра анапы иану ҳәа иԥхьаӡо азҵаарақәа хәба роуп.

"Ашшрақәеи ажәадгалақәа ҳара рыӡбра алаҳмыршозар, урҭ зызку егьыр аусбарҭақәа рахь инаҳашьҭуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.

Аминистр иажәақәа рыла азҵаарақәа ирылан аулафахәы ашәара аҿҳәара ахырԥареи аԥсшьаратә ԥарақәа рымшәареи ирызкыз азҵаарагьы.

Абри апроблема аӡбразы ишьақәыргылан ардырра-информациатә жәахәынҵа, асеиԥш аҭыԥ змаз аҭагылазаашьақәа ахьыҟалаз абиуџьеттә еиҿкаарақәа арбаны. Ажәахәынҵа Афинансқәа рминистррахь инашьҭуп, аминистр игәаанагарала ауснагӡатә хра аманы иҟоуп. Иара иалнаршоит иаарццакны апроблема аус адулара иҳәеит аминистр.

Азҵаарақәа нашьҭхар алшоит: (асааҭ 9:00 инаркны асааҭ 18:00 рҟынӡа), WhatsApp, Telegram, Viber: +7(940)754-33-33, E-mail: hotline@mineconom-ra.org.

Ажәабжьқәа зегьы
0