Аԥснытәи аспортсменцәа тхеквондо атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит

© Фото : Предоставлено: Тимур БарцицАбхазские спортсмены выступили на турнире по тхэквондо
Абхазские спортсмены выступили на турнире по тхэквондо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Курганск ақалақь аҟны рашәара 22-23 рзы имҩаԥысуаз, Урыстәыла ахьыԥшымра амш иазкыз тхеквондо азы атурнир иалахәын аԥснытәи аспортсменцәа. Дара атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит.

АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Курганск ақалақь аҟны рашәара 22-23 рзы имҩаԥысуаз, Урыстәыла ахьыԥшымра амш иазкыз тхеквондо азы атурнир иалахәын аԥснытәи аспортсменцәа. Дара азеиԥшкомандатә турнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Ҭимур Барцыц.

"Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла ԥшьҩык ҳаспортсменцәа актәи аҭыԥқәа ааныркылеит, 14-ҩык – аҩбатәи аҭыԥқәа, 15-ҩык – ахԥатәи аҭыԥқәа. Аспортсменцәа азыҟарҵоит Ҭимур Барцыц, Ахра Еник, Нугзар Торчинава", – иҳәеит Барцыц.

Курганск ақалақь аҟны рашәара 22-23 рзы имҩаԥысуаз, Урыстәыла ахьыԥшымра амш иазкыз тхеквондо азы атурнир иалахәын аԥснытәи аспортсменцәа. Дара атурнир аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит.

Атурнир иалахәын 300-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.

© Фото : Предоставлено: Тимур Барциц Абхазские спортсмены выступили на турнире по тхэквондо
Абхазские спортсмены выступили на турнире по тхэквондо  - Sputnik Аҧсны
Абхазские спортсмены выступили на турнире по тхэквондо
Ажәабжьқәа зегьы
0