Ален Аҩӡба Тулуза имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы аиааира игеит

© Фото : предоставлено Аленом АвидзбаТеннисист Ален Авидзба
Теннисист Ален Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥқьаҭасразы асериа "Futures" мҩаԥысуан франциатәи ақалақь Тулуза аҿы рашәара 16 - 24 рзы.

АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥқьаҭасразы асериа "Futures" мҩаԥысуан франциатәи ақалақь Тулуза аҿы рашәара 16 — 24 рзы. Атурнир "Futures" аҿы аԥснытәи аԥқьаҭасҩы Ален Аҩӡба аԥыжәара игеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аспортсмен ихаҭарнак Беслан Ашәба.

"Ален афинал аҿы франциатәи аԥқьаҭасыҩ Фабьен Ребул диеисон, дагьииааиит", – ҳәа иҳәеит Ашәба.

Алена Аҩӡба ихаҭарнак ишиҳәоз ала, атурнир "Futures" – аԥсуа ԥқьаҭасыҩ изы раԥхьатәи иааира дууп.

"Даара агәахәара ду ҳауит. Ԥхьаҟатәи аиндаҭларақәа ҳҽырзыҟаҳҵалоит агәаҳәара ҳаманы", — ҳәа иҳәеит Ашәба.

ITF Futures — жәларбжьаратәи профессионалтә ԥқьаҭасратә турнируп. Иара мҩаԥыргоит 1998 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0