III Жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль Аҟәа иаатуеит

© Sputnik / Vladimir AstapkovichДжазовый фестиваль Koktebel Jazz Party
Джазовый фестиваль Koktebel Jazz Party - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik. III Жәларбжьаратәи аџьазтә фестиваль "СУХУМ – АҞӘА JAZZ FEST" мҩаԥгахоит Аҟәа Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аминистрра адгыларала. Афестиваль ааиртуеит еицырдыруа америкатәи аџазтә музыкант Рональд Беикер. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит Армен Мерабов итриои Алексеи Черемизов итриои рықәгыларагьы.

Саксофон - Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи аџазтә фестиваль мҩаԥгахоит Аҟәа

Апрограмма иалоуп 1920-1930 шықәсқәа рызтәи аџьазтә классика. Алексеи Черемизов иажәақәа рыла, апрограмма еиҳарак ишьақәыргылоуп еицырдыруа амелодиақәеи ашәақәеи рыла.

"Сара схәыҷаахыс апианино сыхәмаруеит. Аџьаз абзиабара скит аполитехникатә институт санҭаз" ҳәа еиҭеиҳәоит Черемизов.

Америкауаҩ Рональд Беикер иҳәоит классикатә шәаҳәаҩык иҳасаб ала икариера дшалагаз.

"Уажәы аџьаз ада сыԥсҭазаара аԥсаны избом. Аџьаз сыԥсҭазаара иахәҭакуп" — иҳәеитиара.

Беикер раԥхьаӡаа кәны Аԥсныҟа дааит, аԥсабара аԥшӡарагьы дыхнахит.

Мариам Мерабовеи агәыԥ "Мираифи" рконцерт Аҟәа имҩаԥысит

"Уаанӡа зыӡбахә смаҳацыз атәылаҿ имҩаԥысуа афестиваль ахь ааԥхьара ансоу, аинтерес скит. Аԥсны аџьаз бзиа ирбозаап. Арахь саара сахьымхәит, агәахәара ду сымоуп" ҳәа иҳәоит иара.

III Жәларбжьаратәи аџазтә фестиваль "СУХУМ – АҞӘА JAZZ FEST" мҩаԥгахоит Аҟәа Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара аминистрра адгыларала. Афестиваль ааиртуеит еицырдыруа америкатәи аџазтә музыкант Рональд Беикер. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит Армен Мерабов итриои Алексеи Черемизов итриои рықәгыларагьы.

Афестиваль сасык иҳасаб ала далахәхоит Мариам Мерабова. Афестиваль хыркәшахоит аԥснытәи агәыԥ "Red Rocks" ақәгыларала.

Ажәабжьқәа зегьы
0