Аидарамҩангага транспорт акапан ԥкхоит

© Sputnik / Владимир Корнев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаблокированные фуры.
Заблокированные фуры. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны иахьаҵанакуа аидарамҩангага транспорт хархәага дуқәа рныҟәараҿ аԥкрақәа ралагаларазы" адҵа анагӡашьа ахылаԥшра рнапы ианҵоуп Аԥсны атранспорт азы Аҳәынҭқарратә Усбарҭеи Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭавтоинспекциеи, араионқәеи, ақалақь Аҟәеи рхадацәеи.

АҞӘА, ԥхынгәы 9– Sputnik. "Аԥсны иахьаҵанакуа аидарамҩангага транспорт хархәага дуқәа рныҟәараҿ аԥкрақәа ралагаларазы" адҵа инапы аҵеиҩит Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

"Адокумент атранспорт хархәага дуқәа реидара ахышәа-ҵышәа ԥнакуеит. Иара инақәыршәаны аидара акапан 40 тонна иреиҳамзароуп", — ҳәа арбоуп адырраҭараҿы.

Адҵа иахықәкны иҟоуп Аԥсны аҩныҵҟа автомабилтә мҩақәа рконструктивтә елементқәа рылшарақәа рыларҟәреи уи иахҟьаны урҭ рыԥхасҭатәра алмыршахарц ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҿы.

"Адҵа апунктқәа рҟны иазгәаҭоуп ареспублика аҵакыраҿы ақә ҳарак амҩангара аԥкра арратә техника шаҵанамкуа, иара убасгьы арахь иаҵанакуам амҩа-ргыларатәи амҩа-хархәаратәи техника" ҳәа арбоуп адырраҭараҿы.

"Аԥсны иахьаҵанакуа аидарамҩангага транспорт хархәага дуқәа рныҟәараҿ аԥкрақәа ралагаларазы" адҵа анагӡашьа ахылаԥшра рнапы ианҵоуп Аԥсны атранспорт азы Аҳәынҭқарратә Усбарҭеи Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭавтоинспекциеи, араионқәеи. Ақалақь Аҟәеи рхадацәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0